Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Бадра Гәынба напхгара зиҭоз Аԥсны анапхгарра рхы аладырхәит иналукааша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩы, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат, Аԥсны аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Станислав Лакоба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазку алахьеиқәҵаратә церемониа.  

Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Ԥсковтәи  атәылаҿацә агубернатор Михаил Ведерникови видеоеимадарала аусуратә еилацәажәара мҩаԥыргеит цәыббрамза 23 рзы.

Аладатәи Кореиа иаатит  Аԥсны акультуратә Центр.

Ацентр  аартра рыдныҳәало, адепутат Ан Хо Енг  иҳәеит  атәылақәа рыбжьара акультуратәи аекономикатәи еимадарақәа рыҿиара иамоу аҵакы.

Амцашыра иалҵыз

20 Цәыббра 2025 12:23

Ауаҩытәыҩса дшаны Анцәа адунеи данықәиҵа нахыс иаҭәашьазар аупаҧсҭазаара бзиа аха, зегьы ироугәышьом.

Аҭынчра аиқәырхареи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа Рхеилак Аҟәатәи аҟәша ахаҭарнакцәа сентиабр 12 рзы Грозныи ақалақь иаҭааит, 1992-1993 ш.ш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан ҳаԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аҵеицәа рҭаацәарақәа рԥыларазы.

30 шықәса раԥхьа

18 Цәыббра 2025 10:35

Цәыббрамза 11 рзы 30 шықәса ҵит иналукааша аҵарауаҩ-кавказдырҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥызацәа иреиуаз, аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Иури Воронов дҭадырхеижьҭеи.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me