Лаҵара 04, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Астатиақәа

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аԥснымедиеи» «Евразийская медиа группа» ҳәа изышьҭоу Акционертә Еилазаареи рыбжьара аусеицуразы Амеморандум анапаҵаҩра мҩаԥысит Москва ақалақь, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Амеморандум рнапы аҵарҩит  Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аԥснымедиа» аиҳабы Роберт Џьопуеи Акционертә Еилазаара «Евразийская медиа группа» аиҳабы Сергеи Деменскии.  

Аԥснытәи аспортсмен Харитон Агрба Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысыз абокс азы атурнир RCC Boxing Promotions аҿы атехникатә нокаут ала Шәачатәи аспортсмен Ваге Сураханиан дииааит.

Хаҭала ахылаԥшра

15 Жәабран 2024

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигеит.

Аиааира ргеит

15 Жәабран 2024

Наталиеи Христинеи Симониаа аҿыбӷаҟазара-спорттә клуб «Виват Россия» аԥхьахәқәа ргаразы амуниципалтә еицлабрақәа рҿы аиааира ргеит.

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоуи Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат аҟны иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилаки жәабранмза 6 инаркны иалагалахо ашколқәа рҿы аҵара асааҭқәа ирықәшәо афымцамч арцәаразы аграфик ҿыц инамаданы ӷәӷәала агәҭынчымра аадырԥшуеит.

Аҧсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит: «Ҭәи млашьи зеибадыруам». Аиашазы, мариала, амазеи иашьцыланы, уи ала зхы ныҟәызго ахаангьы ихаҿы иааигарц дашьҭалом, иагьизеилкаауам ахныҟәгара зцәыуадаҩу, аҳәынҭқарра аҟнытә ауалафахәы 10 нызқь мааҭ зауа, уи ала инхо ауаа рыбзазашьа.

Ианвар анҵәамҭазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет даҭааит Москватәи Иреиҳаӡоу аекономикатә школ аректор, афизика-математикатә наукақәа ркандидат Никита Иури-иԥа Анисимов. Араҟа аекономикатә факультет астудентцәеи, ауниверситет арҵаҩратә еилазаареи алархәны имҩаԥыргеит аиԥылара.

Ԥшь-жәашықәсак инареиҳаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа доуҳа арҿиареи, уи иауасхыру амилаҭтә литература абзиабареи аҿар рылааӡара знапы алакыз, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Лиудмила Арзамеҭ-иԥҳа Хьыбба диит 1954 шықәсазы, Аҩадатәи Ешыра ақыҭан, иҿырԥшыгоу аԥсуа ҭаацәара, ауаҩ нага Арзамеҭ Хьыбба иҩнаҭаҿы.

Аӡиа Риҵа аԥшаҳәаҿы атерроризм аҿагылареи аиқәырхареи рхырхарҭа змоу анапхгарабжьаратә атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

Ахыб рыԥсахуеит

15 Жәабран 2024

Гәдоуҭа ақалақь агәаҿы игылоу араионтә пошьҭа, абиблиотека, ателехәаԥшра ахьыҟоу ахыбра ахыб рыԥсахраны иҟоуп.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ареспубликатә биуџьет ахарџь ала имҩаԥысуеит. «Ахыбра ахыб аԥсахразы иазоужьхеит 17 млн. мааҭ инареиҳаны.
Уажәы ажәытә хыб ахыхреи аҿыц аҟаҵареи рзы аусурақәа мҩаԥысуеит», – адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион Ахадара аинформациеи ауаажәларра рымадареи рзы аҟәша аспециалист хада Арнольд Ӡари-иԥа.
Ахыб аԥсахра иазку аусурақәа ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахароуп.

Аԥсны Амилаҭтә банк агәаларшәаратә ԥараҿырԥқәа «Кавказ ажәларқәа» ҭнажьит. Аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа 200 ԥсар рҟынӡа инаӡоит. Зынӡа 1000 цыра ҭыжьуп. Абри атәы аанацҳауеит Абанк апресс-маҵзура.

Уыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киут иааԥхьарала Аԥсныҟа иааит, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.


Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Урыстәылатәи иколлегацәа бзиала шәаабеит ҳәа дырԥыло, Аԥсны амчратә хылаԥшырҭақәа анапхгарабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа рылахәхаразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Роберт Киут жәларбжьаратәи атерроризм, абџьари анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа аҳәаа иахыганы наҟ-ааҟ реикәыршара аганахьала ацәгьоурақәа раԥхьырҟәҟәаареи, ацәгьоуцәа рыԥшаареи, раанкылареи уҳәа ахырхарҭақәа рыла анапхгарабжьаратә усеицура қәҿиарала аҿиара шамоу азгәеиҭеит.
Аиԥылара ихы алаирхәит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак Сергеи Голенков.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me