Жәлар Реизара аделегациа

Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Жәлар Реизара (Апарламент) Аиҳабы Алеқсандр Иванов иааԥхьарала Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу апарламент аделегациа Архыз имҩаԥысыз Нхыҵ-Кавказтәи Апарламенттә Ассоциациа XII аконференциа ахы аланархәуит.

Аделегациа иалоуп  адепутатцәа Асҭамыр Џьопуеи Дмитри Маршьани. Аконференциа апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭан  Нхыҵ-Кавказтәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилаки Ассоциациа аилакқәеи реилатәара.  Ирылацәажәеит азакәанԥҵара, асоциалтә политика, анаука, акультура, аҵарадырра, амилаҭбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи апарламентбжьаратәи аимадарақәеи уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.

Нхыҵ-Кавказтәи Апарламенттә Ассоциациа аԥҵан лаҵарамза,  2011 шықәсазы Уи аилазаараҿы иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа быжьба: Чечентәи Ареспублика, Ареспубликиа Нхыҵ-Уаԥстәыла – Аланиа, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика, Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика, Ареспублика Даӷьесҭан, Ареспублика Ингушеҭиа, Ставропольтәи атәылапҿацә, иара убас Ассоциациатә лахәыла – Аахыҵ-Уаԥстәыла Апарламент рзакәанԥҵаратә усбарҭақәа. Архыз имҩаԥысыз аконференциахь ааԥхьара рыман Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аилазаара иалоу апарламентқәа зегьы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me