«Ҳекономика ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп Урыстәылеи ҳареи ҳусеицура, иарбанызаалак аԥшьгарақәа рылацәажәаразы ҳаартуп, ҳалшарақәа рҳәаа иҭагӡаны ганрацәала ацхыраара аҟаҵара ҳазхиоуп», – ҳәа азгәеиҭеит Инар Ладариа.
Ирылацәажәан Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аусеицура аҿиара ахырхарҭа хадақәа, анаплакыҩцәа адгылара рыҭаразы апроектқәа. Аус зуа аиқәшаҳаҭра аҵак ду шамоу азгәарҭеит, аусеицуразы анаҩстәи ашьаҿақәа ирылацәажәеит.
Аиԥылара ихы алаирхәит Урыстәыла акультура аусзуҩ, акинопродиусер Едуард Суворов.


