Пицундатәи амзара - 100 шықәса

Пицунда иҟоу амзара абнахьчаҩцәеи аботаникцәеи рҭҵааратә ҭыжьымҭақәа рҿы 1885 шықәсазы ацәырҵра иалагеит. Иара уи аамҭазы ԥсабаратә баҟаны ирыларҳәахьан. Аҵарауаа ари абнара зеиԥшыҟам аҟазшьа атәы аҳәара иалагахьан.

9, 1926 жәабран шықәса рзы иаԥҵан Пицундатәи амзаратә ҳәырԥсарра. Ари изаҵәу ҳәырԥссароуп, иахьа амшын агаҿаҿы.  1966 шықәса рзы иара иадҵан Мысратәи. Зынӡа еиԥшым абнарақәа – аџьтәи амзаратәи еилаланы ишьақәдыргылеит ԥшь-гектарк рҟынӡа иҟоу, 700 ҵиаа ахьеизҳауа, урҭ рахьынтә 22 хкы Ашәҟәы ҟаԥшь иану, ахьыҟоу аҳәырԥсарра.

Иахьа Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра напхгара алҭоит Сабина Лобода. Лара хәышықәса ҵуеит араҟа аус луеижьҭеи. Абнара иамоу ауадаҩрақәа зегьы бзианы илдыруеит. Русура аӷьырак ззырхоу аҵиаақәа рыхьчареи урҭ рхыԥхьаӡара ахарҭәаареи роуп.

Сабина лажәақәа рыла, аҳәырԥсарра аҵакыра Асовет аамҭа аахыс аҽеиҭанамкӡеит. Ҳәарада, иҟоуп аилагарақәа, шьоукы метрак аҳәаа еиларгеит, даҽа шьоукых – 5-10 метра, аха аҳәырԥсарра аусзуҩцәа анаплакҩцәа ирҿагылан арҭ адгьылқәа рыхьчоит.

 «1966 шықәса раахыс аҳәырԥсарра адгьыл амаркуеит. Иара аҩныҵҟа акурорт «Пицунда» дыргылеит,  аԥсшьарҭа, Литфонд, апансионат «Правда», Аҟазаратә ҩны. Арҭ аобектқәа аҳәырԥсарра иамоу амал, ахьӡ рхы иархәаны аус руеит. Еиҭаҳау аҵлақәа зегьы рзы аҭакԥхықәра зду иара аҳәырԥсарра анапхгара роуп», - ҳәа азгәелҭоит ҳаиҿцәажәараҿы Лобода.

Убри аан лара ҿырԥштәыс иаалгоит Урыстәыла аҳәырԥсарра ахылаԥшразы иҟоу аԥҟарақәа.

«Ҵлак хырҵәаргьы, аҭыԥ аҿы даҽак еиҭарҳароуп, мамзаргьы, ахараԥса ду рықәырҵоит. Ашәҟәы ҟаԥшь иану аҵла алакьысра зынӡагьы азин ыҟаӡам. Ак дыргылозаргьы, уи иавган иҟарҵоит. Ҳаргьы ус еиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалароуп. Хәы змам аҵиаақәа иҳамоу хьчатәуп. Хҭыск ааҟаларгьы, акгьы ҳалшом, ахараԥса ҳазрықәҵом ауаа. Ари аҭагылазаашьа ԥсахтәуп», -  лҳәоит Сабина.

Лара еиҭалҳәеит ааигәа Пицунда ацитрустә ааӡарҭаҿы шәышықәса еиҳаны изхыҵуаз аџабақәеи, адаамырқәеи шхиҵәаз аргыларазы азин зауз. Сабина илҳәоит, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыбжьара ишыҟам аимадарақәа, аусеицура, ас еиԥш ахҭысқәа ҟамларцаз.

«Аҳәырԥсарра аҵакыраҿы инанаго аҵлақәа изеиҩдырааӡом, изеилыргаӡом.  Уи издырӡом Пицундатәи амза Ашәҟәы ҟаԥшь ишҭагалоу, 200 шықәса шахыҵуа. адинозаврқәа аныҟаз аамҭа аахыс араҟа ишеизҳауа. Абри еиҭаҳәалатәуп. Ауаа ирзеилкааӡом иахьыҟоу аҭыԥ аҵакы. Аҳәырԥсарра аҩныҵҟа уаныҟоу иара иамоу аԥҟарақәа урықәныҟәароуп. Амца еиқәуҵар ахьыҟало аҭыԥ хазы иҟазароуп, утәар, уԥсы ушьар ахьыҟало аҭыԥгьы ус», -  лҳәоит аҳәырԥсарра аиҳабы.

Жәытә аахыс амзаҵла ахә амоуп иара иамоу аура ду азы. Агәыцә ииашаӡа иҟоуп, аӷба аргылараҿы аӷәқәа  рылҵуеит. Иҟан аамҭақәа урҭ анԥырҟоз. Адгьылқәа ҟьашӡа иахьыҟаз аҭыԥқәа маҷмызт, аха аҳәырԥсарра аусзуҩцәа еснагь абна иацхраауан, рнапала еиҭарҳауан амзаҵлақәа.

Ари аус уажәгьы ицоит. Сабина иаҳлырбеит ашықәс ҿыц аламҭалаз еиҭарҳаз. Аҵиаақәа шықәсык роуп ирхыҵуа. Дара аҵәҩанқәа рыварсуп, ииасуа ирымкәаҳарцаз. Аиҭаҳатә ыҵырхуеит абна агәҭахьы, уаҩы дахьзымнеиуа аҭыԥқәа рҿы. Аҭыԥ ҟьашрақәа хадмырҭәаар, уи аҭыԥ аҿы ргыларак ҟалар алшоит.  Ус ҳашнеиуа, 50 шықәса рышьҭахь амзара зынӡагьы иӡыр алшоит.

«Амза алашара бзиа иабоит. Ҿыц игылауа аҵиаақәа амаӷ иамкырцаз ирыцқьалатәуп. Амза бзианы еизҳауеит абылрақәа рышьҭахь, ақәыцқәеи егьырҭ иара зхәаҽуа аҵиаақәа аныҟам. Убри аан аҵла дуқәа абылрақәа ирыцәшәаӡом, урҭ рцәа ахьыжәпоу азы. Аха уи иаанагаӡом  араҟа абылрақәа ҳрыцәшәаӡом ҳәа, амзаҵлақәа рыда, аҳәырԥсарраҿы еизҳауеит еиҭа хәы змаӡам егьырҭ аҵиаақәагьы», - азгәалҭеит Лобода.

Агаҿа иаԥну амзаҵлақәа Пицунда рыхьчоит аӡхыҵраҟынтә. Ари аҭыԥ аҿы амшын еиҳа иҳаракуп ақалақь ахаҭа аиҳа. Аԥшаҳәа ихықәгылоу аҵлақәа амшын аныцәқәырԥо аӡы ааныркылоит. Убри аҟынтә амзақәа реиқәырхара акырӡа аҵанакуеит иара ақалақь ауааԥсыра ршәарҭадараҿы. Иара уи ада – ес-аԥхынра Пицундаҟа иаауеит хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа, аратәи аҳауа зҩыдоуп ҳәа ишьаны. Иара ус иагьыҟоуп.  

Сабина абнаҿы илымоуп бзиа илбо аҭыԥқәа. Урҭ еиҳарак уаҩ дахьзымнеиуа, иахьҭынчроу ауп. Аҳәырԥсарра амҩахәасҭақәа ҳарнылан ҳашнеиуаз, абнара ҳалалеит. Ус, дәҳәыԥшк аҿынӡа ҳнаӡеит. Араҟа рҽоурышьҭхьан ааԥынра ааира иазҳәоу асыкәытқәа. Урҭ рыхқәа ҟәаш-ҟәашӡа абна ахҩара иаҿын. Иԥхоз амра ашәахәақәа аҵлақәа ирылсны ацәыкәбарқәа дырбон. Ҭынчран. Аҵар рыбжьада бжьыкгьы гомызт. Ари аҭыԥ аҿы абна ажәуп, игылоу аҵлақәа рықәрақәа дууп.

«Абра санааилак сгәы ҭынчхоит. Ауаҩы дахьныҟәо аҭыԥқәа рҿы аилагарақәа анызбалак сгәы ԥжәоит. Арахь саауеит, аԥсабара аԥсы шҭоу збарцаз, аҵиаақәа ԥырхага шрымам гәасҭарцаз», - лҳәоит Сабина.

Ари абна аҷыдарақәа рахь иаҵанакуеит иара убас  амза ахаҭа аԥслымӡи абӷанҷи рҿы иахьеизҳауа. Еиҳарак иаразы иманшәалоу ахаҳәроуп. Иџьашьатәуп, ари адгьыл аҿы иахьыҿио. Убри аан амзақәа ирыбзоураны араҟа аҿиара роуит колхидатәи абна ссақәагьы.

Аҳәырԥсарраҿы еизҳауа аҵлақәа рхыԥхьаӡара ахылаԥшразы ес-жәашықәса имҩаԥгалатәуп аҭҵааратә усурақәа: аҵла аура, аҭбаара, шаҟа шықәса ахыҵуа, иаҭагылазаашьоу аилкааразы. Аҵыхәтәантәи ус еиԥш аҭҵаарақәа мҩаԥган 1981 шықәса рзы. Иахьагьы аҵлақәа рҿы иубоит аномерқәа. Дара ажурнал иҭагалоуп. Уаҟа уи аҵла аҭоурых еиҭаҳәоуп. Аҳәырԥсарраҿы еизҳауа аҵлақәа рхыԥхьаӡареи рҭагылазаашьеи аилкаара ус дууп, иагьымариам, иадыԥхьалатәуп Аԥсны анҭыҵынтәи аспециалистцәа, уи аԥарагьы маҷымкәа иагоит аҟынтә, макьана ус еиԥш аҭҵаарақәа араҟа реиҿкаара иалацәажәом.

Аҵла аҭагылазаашьа зеиԥшроу абнахьчаҩцәа еилыркаауеит уи аԥшрала. Ахықәцә бзиазар, ииаҵәазар, аҵла ашәарҭара ацым. Аҵлақәа зыԥсы ҭоу зегь реиԥш еицлабуеит алашаразы, афатә азы, ичмазаҩхоит. Аҳәырԥсарра ахылаԥшраҿы зегь реиҳа аҭакԥхықәра зду абнахьчаҩ иоуп. Аибашьра ҟалаанӡа иара иоуп абна ҭҵааҩык иаҳасабала иамаз. Иҟаз аҽеиҭакрақәа зегьы ашәҟәы иҭаигалон. Уажәы Пицунда-Мысратәи абнара зегьы иахылаԥшуеит 22-ҩык. Пицунда мацара 200 гектар рыхьчоит 5-ҩык. Ихкаам аҳәырԥсарразы абнахьчаҩцәа рхыԥхьаӡара даара имаҷуп.

Асовет аамҭазы аҳәырԥсарра аҳәаақәа ибзиан ихьчан. Уахь зинда иҭалоз аԥҟарақәа еилеигон.

«Сан еиҭалҳәон, аҵыҵындра иашьҭалан аҳәырԥсаррахь ианҭалоз, абнахьчаҩ илаԥш иаразнак ишыҵашәоз. Аанда рбганы иҭалоз аҷкәынцәа ракәзар, џьыкала иреихсуан. Убас ирыхьчон ари аҭыԥ. Абнахьчаҩцәа амопедқәа ирықәтәаны абна иахысуан, иркын абџьар. Уажәы аҳәырԥсарра аркӡам, шаҟаҩ ныҟәо, иахьынтәиҭало сыздырӡом. Мысратәи ахәҭа акәзар, уи зынӡа иаҳзыхьчаӡом. Уа хҭыск аныҟало ауп ианаҳдыруа. Аанда ҟаҵамкәа ари абна ахьчара залыршахом», - ҳәа азгәалҭеит Сабина.

Иҳәатәуп, ааигәа аҳәырԥсарра ахәҭак ахкааразы аҳәынҭқарра аҟынтә аԥара шазоужьыз. Сабина лажәақәа рыла, аанда ҟаҵоуп акипарисқәа ахьеиҭаҳау амҩаҿы. Араҟа игылоуп ахәаахәҭырҭатә ҭыԥқәа. Аԥхын ауаа даара ирацәоуп азы, ари аҭыԥ аркра аҳәырԥсарра аусзуҩцәа рзы ихадаз зҵааран. Амшын иаԥну абнараҿы ана-ара игылоуп адыргақәа, араҟа еизҳауа аҵиаақәа шҷыдоу атәы зҳәо. Уи ала аҳәырԥсарра аусзуҩцәа аилыркааратә усурақәагьы мҩаԥыргоит. Изызҳауа аҿар аԥсабара аиҷаҳара рылааӡалатәуп, ари абна егьырҭ абиԥарақәа ирзаанхарцаз. Аԥсабара лассы иԥҽуа акоуп. Ауаҩы инапала ихишьаар алшоит,  уи адагьы аҳауа аҽеиҭакра иахҟьаны ицәырҵуеит иҿыцу ахәаҷақәа, абнақәа ашәарҭара иҭанаргылоит. Аамҭаказы Аԥснытәи абнақәа ирыхәҭаку колхидатәи ашыц зынӡа иҩеит ҳәа иԥхьаӡан, аха Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы иара ахьеизҳауаз аҭыԥ аҿы ҩаԥхьа иааԥшит ашыц. Шьҭа иаанхаз уи аргыларақәа ирцәыхьчаны аԥсеивгаха аҭароуп. 

Шәышықәса раԥхьа аҵарауаа Пицундатәи абнара аҵакы еилкааны ҳәырԥсарраны ахьӡ ахырҵеит еиҵагыло абиԥарақәа ари аԥсабаратә баҟа рыхьчарцаз, еиқәдырхарцаз. Ҳаргьы иахьа иаҳуалуп, урҭ адыррақәа ахәыҷқәа рҟынӡа анагара, абна агәыбылра дыркра.

Альбина Жьиба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me