Аҿар ираамҭоуп

15 Лаҵара 2024 10:55

Руслан Амҷба аҵара иҵоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет ахԥатәи акурс аҿы. Иара дсахьаҭыхҩуп, дрызҿлымҳауп аграфикеи аҿыханҵеи.

Иааит ашколхәыҷқәа ззыԥшыз аамҭа. Шьоукы рзы аԥсшьара мшқәа ираамҭоуп, аушьҭымҭацәа рзы иагьгәырӷьароуп, иагьлахьеиқәҵароуп рышколқәеи рырҵаҩцәеи ахьаанрыжьуа.

Маи 14 – иналукааӡаша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥ­хьатәи Ахада, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩ ду Влади­слав Григори-иԥа Арӡынба имшира ауп. Иԥсы ҭазҭгьы, иахьа ихыҵуан 79 шықәса.

Еицырдыруа аԥсуа хореограф Кандид Ҭарба иахьа иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 80 шықәса.  Аԥсны жәлар рартист, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" шықәсы рацәала напхгаҩыс иҟаз Кандид Ҭарас-иԥа Ҭарба диит 1944 шықәса, маи13 рзы Очамчыра араион Мықә ақыҭан.      Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруаз ахореограф, асцена зырцәажәоз акәашаҩ иԥсҭазаара зегьы азикит аԥсуа культура. Кандид Ҭарба иԥсеиԥш бзиа иибоз изанааҭ ашҟа имаз абаҩхатәра ихьӡ наунагӡа иааннажьит акәашара аҭоурых аҟны.   Кандид Ҭарба иԥсҭазаара далҵит 2016 шықәса, маи 1 азы.

Зыхьӡ еицамкуа аҟаза ду Кандид Ҭарба изку анҵамҭа шәаԥхьарц шәылшоит агазеҭ "Аԥсны" анаҩстәи аномерқәа   руак аҟны.

Амшцәгьа иахҟьаны Очамчыра араион аҿы аҧхасҭа ҕәҕәа зауз ақыҭақәа Кәтоли Џьгьардеи дырҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Аҧсабаратә рыцҳара зынхамҩа ааха знаҭаз анхацәа аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара роуеит, - иҳәеит Аслан Бжьаниа анхацәа рҧылараан. Иара убасгьы Аҧсны Ахада Кындыҕ ақыҭан аӡы амҩа ахьыҵнаӡәӡәааз дахәаҧшит. Аӡхыҵра ахҟьа аҧырҟәҟәааразы изыхәҭоу аусбарҭақәа адҵа риҭеит.

Дӷамшь аӡиас хыҵит

13 Лаҵара 2024 06:35

Амшцәгьа иахҟьаны Очамчыра араион аҿы аӡиас Дӷамшь иаԥну ақыҭақәа Џгьарда, Ӷәада, Кәтол рынхацәа аԥхасҭа рнаҭеит. Зҳәаақәа ирҭыҵыз аӡыиас анхарҭа ҭыԥқәа ирыҵалеит, аԥстәи аԥсаатәи ааха ӷәӷәа роуит. Шаҟа нхарҭа ҭыԥ аӡы рыҵалаз макьана аҳәара уадаҩуп. Аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟлаз аҭыԥ ахь инеит араион анапхгара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me