Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Хаҭала, аҧсуа жәлар рхаҭарнакцәа аӡәырҩы реиҧш, сызлыҵыз сыжәлар срызгәыдууп, смилаҭ зегь раҧхьа исыргылоит.
Аҧсуа милаҭтә ҟазара, инеизакны акультура акыр шықәса амаҵ азызухьаз Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Валери Ҷолариа иҩызцәа, иааигәаны дыздыруаз макьанагьы ирцәыуадаҩуп ииасхьоу аамҭала иӡбахә алацәажәара.
Сынтәа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира 30 шықәса ахыҵуеит, аха егьа шықәса ҵыргьы, анацәа рзы Аиааира арыцхә алаҕырӡ ацуп.
«Сара сҭахеит Аҟәа акалҭаҿ
Ушаҳаҭуп сдамра
Уҧшьа-ҭыҧ ҳаракырҭаҿ,
Сҷаҧшьаҩуп Аҧсынра»!
М.Лашәриа
Аҧсуа жәлар наџьнатә аахыс ирацәаны ирхыргахьеит агәаҟрақәа, изныкымкәа аҧсадгьыл Аҧсны аҵеицәа зқьҩыла рхы ақәырҵахьеит, иҟалахьеит арӡрақәа, иҭагылахьеит ахҵәарақәа…
Нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы ашьаарҵәыра илагылт ҳшьамдгьыл. Ҵәымҕҵас аҧсуа жәлар ргәы иалалаз ақырҭуа фашист ҳҭоурых ахаҿра ирӡырц, азқьышықәсақәа ирхааныз ҳбызшәа ҳамхны, ҳтәыла итҟәарц гәҭакыс иман.