Аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳагьы еилаҳкаауеит зыжәлар хьаҳәхьачарада рымаҵ зуаз Аԥхьагылаҩ ду, Аиааира дасимволны дшыҟаз.
Агәымшәа, ахшыҩ ду змаз, Аҧсны ар Ркомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба ихьамҵра, ихымшаҭара аибашьраан иаӡбоз рацәан. Иара убас усҟан имҩаҧысуаз аполитикатә хәмарра уадаҩқәа рылҵшьа дақәшәон.
Владислав Григор-иҧа Арӡынба уасиаҭны инижьит иқыҭа гәакьа аҟны, Гәымсҭа ахықәан – афронт ацәаҳәа ахьыҟаз, Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа анышә иахьамадоу ааигәара иаргьы анышә иаҭара.