Ажәакала, аԥшӡареи, агәыкреи, ахаареи символра азыруеит аҳәса.
Ирҳәоит: «Иԥшӡам аԥҳәызба, аԥҳәыс дыҟаӡам».
Аха, ҳара ҳазааҭгыларц иаҳҭаху ауаҩы, ԥсабарала, ҭеиҭԥшла еиҿкаау, аҳәса рыԥшӡара еиҳагьы иацызҵо, ихазырҭәаауа ахцәыҟаҵарҭа асалон «Кама Дочиа» аҟны аус зуа Мадлена Убириа-ԥҳа лоуп.
Мадлена 15 шықәса ҵуеит ахцәыҟаҵаҩ изанааҭ ала аус луеижьҭеи. Уи зус бзианы издыруа, ахцәыхҵәара амацара акәымкәан, арԥшӡара, аиҿкаара, ашәра уҳәа даара дрызҟазоуп.
Ҳаиҿцәажәараан Мадлена иазгәалҭеит, ахцәы арԥшӡара, аиҿкаара аамҭа рацәаны ишақәылмырӡуа. «Снапы ашьцылахьеит, 7 минуҭк рыла ахцәы еиқәыртәаны арԥшӡара сылшоит», – лҳәеит уи.
Мадлена излалҳәаз ала, дхәыҷаахыс бзиа илбоит иахьа лнапы злаку лзанааҭ. Аха уи лажәақәа рыла, аханатә лҭаацәа ахәгьы-аҿгьы дықәдмыргылеит. Мадлена лҭаацәа рҳәатәы дацныҟәеит. Урҭ рҭахрала Аҳазалхра аус ала лҵара хлыркәшеит Аҟәатәи иаарту аинститут аҟны. Аха зегь акоуп, рацәак мырҵыкәа, лхатә ҭаацәаратә ԥсҭазаара анаԥылҵа ашьҭахь, дхынҳәит лгәы ззыҳәоз лзанааҭ ахь.
«Ахцәыҟаҵара иазкыз акурсқәа аныхсыркәша, аԥышәа сырҳауан Аԥсны знапҟазарала еицырдыруа, зыԥсҭазаара иалҵхьоу Ольга Леви лҟны. Уи, ҳәарада, исымалдаз лԥышәа, илҿысҵааз рацәоуп. Анаҩс, аус зуан еиуеиԥшым ахцәыҟаҵарҭатә салонқәа рҿы. Раԥхьа аусура салагеит «Атриум» аҟны, нас – «Афродита», уажәы ахцәыҟаҵарҭа «Кама Дочиа» аҟны сыҟоуп», – лҳәеит Мадлена лусура шхацлыркыз, насгьы дызнысхьоу амҩа дазааҭгыло.
Ҳаиҿцәажәараан Мадлена иазгәалҭеит ԥсшьарада аус шылуа ес-ҽны, аха ааԥсарак лныԥшуам, бзиа илбо азанааҭ ала аусура лара лзы иԥсыршьагоуп.
Сшьапы сықәгыланы, ес-ҽны акыр сааҭ аус зуеит, иҟоуп имариоу, аамҭа кьаҿк иалагӡаны иҟасҵо. Иуадаҩу ахцәыхҵәареи ахцәышәреи еиҳа садхалоит. Уи инаҷыданы, аҭааҩцәа рхаҿы аԥшӡара ацҵара, ахарҭәаара, еиҳа ублаҿы иааиуа реиҿкаара сазааԥсоит.
Мадлена лнапҟазара, лусумҭа здыруа, ҳаҭырла иазыҟоу рацәаҩуп. Ахцәыҟаҵаразы, ма ахаҿырԥшӡаразы иныҟәо рахьтә уи дыззымдыркәан, ҿыц инеиуа маҷҩуп, реиҳараҩык шықәсы рацәала, ԥымкрада луси лԥышәеи бзианы издызкыло, издыруа роуп. Арҭ ацәаҳәақәа равторгьы ахцәыҟаҵаразы Мадлена лахь сныҟәоит, аха иналаршә-ааларшәны, аусура аиԥш уи лахь «баша ахцәыҿышразы» иныҟәо ауаа беиақәа реиԥш сылҭаартә аҭагылазаашьа сымам.
Мадлена лзанааҭтә зыҟаҵара бзиа инаҷыданы илымоуп аԥсуаҵас ааӡара бзиа.
Ҭеиҭԥшла еиԥш, ҟазшьалагьы еиуеиԥшым ауаа, хаҭала Мадлена илҭаауа аҭыԥҳацәа, аҳәса рымаршәа кны, рызнеишьа дақәшәоит, урҭ рахьтә ирацәаҩуп илҩызцәахахьоугьы.
«Ахцәыҟаҵаразы имҩахыҵуа ҿабызшәа хаала урацәажәозароуп, ргәы ҟауҵозароуп. Хаҭала, 15 шықәса рыҩнуҵаҟа иҟамлацт исҭаауа рахьтә аӡәи сареи сусура иахҟьаны ҳгәы нибархо. Амала, ҩынтә, ҩыџьа рҟны аизеилибамкаара ҳахьхьеит, аха сара аҭамзаара шьҭасҵан ихьасыршшеит. Уи нахыс еиҳагьы ҳаҭыр еиқәаҳҵо ҳаилибакаауа ҳалагеит, ҳагьеиҩызцәахеит», – лҳәеит уи.
Абжьааԥны иеиԥшымкәан, хаҭала, Жәларбжьаратәи аҳәса рымш Март 8 рзы Мадлена лахь имҩахыҵуа рхыԥхьаӡара рацәаҩуп. Усҟан Мадлена, ишылҟазшьоу еиԥш, аӡәгьы дгәыгәҭалыжьуам, аӡәа-ӡәала зегьы дрыхьӡаны, дрывагьежьуа, аӡә даушьҭуа, даҽаӡә длыдкыло, тәамҩахә лымамкәа аус луеит.
– Аусура уадаҩӡами, излабылшои? Илаҳҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо иазгәалҭеит: «Скарахоит, аха сусура алҵшәа анызбо сааԥсара схашҭуеит. Сара сзы ихадароуп сышҟа имҩахыҵыз игәы аҟаҵара. Саҟара сыцлоит аҳәса ргәалаҟазаара ашьҭыхра ансылшо. Аԥсуа ҭыԥҳацәа, аҳәса даара иԥшӡоуп, аха еиҳагьы агәахәара снаҭоит урҭ рыԥшӡара аиқәырхара, ацҵара иахьашьҭоу, рҽахьазыршәо, рхы иахьацклаԥшуа. Ишырҳәо еиԥш, «Аԥшӡара адунеи зегь еиқәнархоит». Сара еснагь аҳәса ԥшӡазарц исылшо аҟаҵара сазыхиоуп», – лҳәеит уи.
Аиашазы, Мадлена лхаҭагьы даара иԥшӡоу ԥҳәызбоуп. Зегь раԥхьаӡагьы дызлаԥшӡоу, дызлабеиоу акәны иҟоуп, хә-ҩык ахшара ранра Анцәа иахьлаҭәеишьаз.
Еихатыруа, еснагь иԥшӡаӡа аҭаацәа ирԥыло Мадлена дыззымдыруа ахаан игәы иаанагаӡом уи аҭаацәара далалахьеит, уимоу, хә-ҩык ахшара дрануп ҳәа.
Мадлена ҭакԥхықәрас аԥсҭазаараҿы раԥхьа илыргыло анра, лыхшара ииашаны рааӡара, ршьапы рықәыргылара ауп. Убри аамҭазы ихадоу, аҭыԥ ҷыда ааннакылоит лзанааҭ. Уи лажәақәа рыла, милаҭла иоурысу, аха аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи ныҟәызго, ирықәныҟәо аҩбатәи лхатә ҩыза Александр Большаков дарӷьажәҩаны длывагылоуп. Аха, лусура, лзанааҭ ахь илымоу абзиабара ханарҭәаауеит материалтә ҭагылазаашьалагьы. Ажәакала, аҭаацәара рныҟәгараҿы иманшәалоу, харҳага зцу занааҭуп.
Илзеиӷьаҳшьап нас, Жәларбжьаратәи аҳәса рымш Март 8 рзы, Мадлена лхаҭа лыԥшӡареи илҭаауа аҳәсеи рыԥшӡара аиқәырхараҿы аихьӡара бзиақәа.
Алиса Гәажә-ԥҳа