С. У Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса маи 29 рзы Москватәи 83-тәи аклиникатә хәышәтәырҭаҟны.
Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь – Аҧсны аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩы, иҕәҕәаз, иҟәыҕаз политикын, ижәлар гәык-ҧсыкала идгылон.
Аҧсны ахьыҧшымра анеиҿкааха инаркны аиҳабыра рыҟны анапхгаратә ҭыҧқәа ааникылон, 2004 шықәса инаркны ҩынтә аҳәынҭқарра ахадас далырххьан.
Сергеи Багаҧшьи Урыстәыла Апрезидент Дмитри Медведеви 2008 ш. азы аиҩызареи аусеицуреи ирызкыз Аиқәышаҳаҭра рнапы аҵаҩын.
2008 шықәса август 26 азы Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азханаҵеит Урыстәылатәи Афедерациа. Сергеи Багаҧшь атәыла данахагылаз Аҧсны аҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәдыргылеит иара убас Никарагуа, Венесуела, Науру.