Март 21 – апоезиа Адунеизегьтәи амш атәылақәа жәпакы иазгәарҭоижьҭеи акыр ҵуеит. Аԥсны акәзар, уи 2011 ш. раахыс ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала есышықәса иазгәарҭоит. Сынтәа, ишдыру еиԥш, аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра ианамаданы, Аԥсны Ахада идҵала 2024 ш. Дырмит Гәлиа ишықәсны ирылаҳәоуп. Ҳтәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҟны аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркаауеит, лымкаала ашколқәа рҟны жәлар…

«Алашара» №1

26 Хәажәкыр 2024 12:19
Иҭыҵит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу алитература-сахьаркыратә журнал «Алашара» актәи аномер.
Хәажәкырамза 22 рзы Аҟәатәи аметеорологиатә станциа аадыртиижьҭеи 120 шықәса ҵит, хәажәкырамза 23 рзы акәзар - Жәларбжьаратәи аметеоролог Имш азгәарҭеит. Ари амш аҽны, 1950 шықәса рзы иаԥҵан Адунеизегьтәи аметеорологиатә еиҿкаара. Уи 1961 шықәса раахыс иазгәарҭоит.

«Анцәа бзиала иаҳзырша»

26 Хәажәкыр 2024 10:32
Уа, зегь ириааиуа ҳәа хаҵа дыҟаӡам,Досу ианиашьа, иақәшәашьа ихаҵашьоуп.Уа иаҳхылаԥшуа, уара лахь сумҭан,Сылахь иануҵаз сара сахьзавымсуа Таиф Аџьба
Ааигәа Аҧсны Жәлар Реизараҿы имҩаҧысит «Аиҳабыратә сааҭ» зыхьӡыз аилатәара. Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит, абас еиҧш есымза Аҧсны Жәлар Реизарахь ишаарыҧхьало еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус зуа аминистрцәа. Урҭ гәаартылатәи аилацәажәара шымҩаҧыргало ажурналистцәа аалархәны. Раҧхьаӡатәи «Аиҳабыратә сааҭ» аилатәарахьы дааҧхьан Аҧсны аҵара аминистр Инал Габлиа, насгьы уи актәи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа-ҧҳа. Аҵарадырра аминистр Инал Габлиа инарҭбаан дазааҭгылеит Аҧсны аҵаразы азакәан…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me