Атәыла аҩнуҵҟатәи адәныҟатәи аполитика иадҳәалоу хра злоу азҵаарақәа ирызкын ԥхынҷкәынмза 19 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилатәара, – адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Рныҳәамш рыдиныҳәалеит

27 Ԥхынкәын 2023 08:32
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит, – адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Ԥхынҷкәынмза 19 рзы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа Ҭырқәтәылаҟа рцара инҭагӡаны, имҩаԥысит Аԥснытәи адипломатиатә корпуси аделегациа ахаҭарнакцәеи русуратә еиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
Мышқәак рышьҭахь ҳазҭоу Ажьа ашықәс – 2023-тәи ашықәс наскьаго, «Бзиала уаабеит» – ҳәа ҳаҧылоит ҳашәхымс илагылоу амҿтәы гәылшьап иаҵәа ашықәс.
Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәа, Ахақәиҭра Ашҭа иахьа иҭәуп хәыҷыла. Есышықәса еиԥш сынтәагьы гәацԥыҳәарала идырхиеит ақалақь Аԥсаӡ хада. Уи инаҷыдангьы ашҭа ҭбаа дырԥшӡоит еилыԥхаауа аԥсаӡ маҷқәа, алашара згәылыԥхаауа еиуеиԥшым ахәмарга блахкыгақәа. Абар иааигәахоит 2024-тәи Ашықәс ҿыц. Ииасуа ашықәс иацыз агәеиҵахарақәа наҟ инаскьаго, ҳаԥылоит Ашықәс ҿыц.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me