Иқәгылаз амшхәаԥштә аҿы иарбаз раԥхьатәи азҵаара азкын 2025 шықәсазы ахықәкытә программа «Адемографиа аизырҳаразы» ашьақәырӷәӷәара. Уи атәы инарҭбаан далацәажәеит Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр инапынҵақәа назыгӡо Руслан Аџьба. Иара излеиҳәаз ала, ари апрограмма анагӡаразы 2025 шықәсазы иазоужьуп 120 миллион мааҭ.
Иара иазгәеиҭеит, ацхыраара аҟаҵаразы актәи, аҩбатәи, ахԥатәи ахәыҷы ииразы 100 нызқь мааҭ шыршәо, анаҩс ииуа ахәыҷқәа рзы – 200 нызқь мааҭ. Иара убас иҳәеит, аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы ахәыҷы данилак фымз рыҩныҵҟа арзаҳал аларҵар шахәҭоу ацхыраара аҟаҵаразы. Убас, ҳазҭоу ашықәс азы 223 арзаҳал дара рахь инеихьеит, уи ԥарала 24 миллион мааҭ артәоит.
Анаҩстәи азҵаара азкын авалиутатә операциақәа рыҟаҵара ахылаԥшра. Уи атәы дазааҭгылеит Аԥсны афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Саид Гәбаз. Хаҭала ахылаԥшра рыҭатәуп авалиутатә операциақәа еиҟароу, мамзаргьы 200 нызқь доллар еиҳау.
Иара убас изхәаԥшыз азҵаарақәа рҟны иҟан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) аинвалидцәа Аҳәынҭқарратә ибиуџьеттәым рфонд 2024 шықәсатәи абиуџьет ашьақәырӷәӷәара. Уи атәы дазааҭгылеит Д. Ҭарба.
2024 шықәсазы ари афонд шьақәырӷәӷәан абри ахашәала – 224 миллиони 696,9 нызқь мааҭ, ахарџь –245 миллиони 317,9 нызқь мааҭ. Ари абиуџьет афонд аҟны 2024 шықәсазы ианвар аказы аԥаратә цәынха иҟаз иартәеит 20 миллиони 621,0 нызқь мааҭ. Еизакны иуҳәозар, абиуџьет ахашәала анагӡашьа иартәеит 213 миллиони 78,0 нызқь мааҭ, ахарџь – 227 миллиони 299,9 нызқь мааҭ.
Ари абиуџьет афонд аҟны 2025 шықәса ианвар аказы иаанхаз аԥара иартәеит 6 миллионки 399,1 нызқь мааҭ.
Афонд адгылара анаҭоит афинанстә цхыраарала еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рҿы. Еиуеиԥшым агәабзиарачаԥарҭатә санаториақәа рҿы 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа ареабилитациа рахысразы, Аԥсны анҭыҵ аҽыхәышәтәразы, апротезқәа рыҟаҵаразы, еиуеиԥшым амедикаментқәа раахәаразы уҳәа убас ирацәаны.
Иара убас ишьақәырӷәӷәан 2024 шықәсазтәи Аԥсны амедицинатә ԥгаԥса афонд аусура аихшьала. Ари афонд аҟны 2024 шықәса ианвар аказы ирзынхаз аԥара иартәеит 8 миллионки 336,5 нызқь мааҭ. Еизакны иугозар, афонд абиуџьет ахашәала иартәеит 82 миллиони 40,3 нызқь мааҭ, процентла иугозар - 101%, ахарџь –80 миллиони 876 нызқь мааҭ, процентла - 99 % рыла.
Афонд 2025 шықәса ианвар аказы иазынхаз аԥара иартәеит 9 миллионки 500,8 нызқь мааҭ.
Анаҩстәи азҵаара азкын Аԥсны асоциалтә хьчареи асоциалтә ԥгаԥсеи рфонд 2024 шықәсазтәи аусура анагӡашьа.
2024 шықәса ианвар аказы ари афонд иазынхаз иартәеит 62 миллиони 511,5 нызқь мааҭ.
Еизакны иугозар, афонд абиуџьет анагӡашьа ахашәала иартәеит 207 миллиони 862,2 нызқь мааҭ, процентла – 105%, ахарџь–237 миллион мааҭ.
Афонд 2025 шықәса ианвар аказы иазынханы иҟаз аԥара иартәеит 33 миллиони 373,7 нызқь мааҭ, процентла –98%.
Аилацәажәараҿы ишьақәырӷәӷәан акықәкытә программала 2025 шықәсазы еиҿкаау «Ахшара дызмауа рзы ЭКО аметод ала ахшара роуразы».
Апрограмма далацәажәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба. Уи иҳәеит, ари апрограмма ашьақәгыларазы ацхыраара шыҟанаҵо Аԥсны арепатриациатә фонд. Уи ари ашықәс азы иазоунажьит 30 миллион мааҭ. Ари апрограмма хырхарҭас иамоуп: Аԥсны аҩныҵҟа адемографиа азырҳара, ахшара дызмауа ари апрограммала ацхыраара рыҭара, ахәыҷқәа риира аизырҳара уҳәа .
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы ирыхәаԥшын егьырҭ хра злоу азҵаарақәагьы.
Стелла Сақаниа