Урҭ рылацәажәеит ҩ-усҳәарҭак рыбжьара ҿҳәара рацәала аусеицуразы Амеморандум анагӡара, 2025 шықәсазы аминистррақәа рыҩбагьы русмҩаԥгатәқәа еицырзеиԥшу рплан, – иаанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрра асаит.
«Аԥсны аҵара Аминистрреи ҳареи аусеицура ҳаҿуп. Аицәажәарақәа раан инҭкааны ҳазааҭгылеит аусмҩаԥгатәқәа еицаҳзеиԥшу рплан, хшыҩзышьҭра ҷыда рзаҳуит арҵаҩцәа рыдгылара, ахәыҷқәа рыԥсшьара аиҿкаара, иҟалараны иҟоу адкыларақәа аҽырзыҟаҵара уҳәа азҵаарақәа. Агәра ганы сыҟоуп, ҳзеиԥш ҽазышәарақәа атәылақәа рыҩбагьы рҵарадырратә системақәа ҳаԥхьаҟагьы рырҿиара ишацхраауа», – иҳәеит Урыстәыла аҵара Аминистрра ахада.
Февраль азы аминистррақәа рыҩбагьы рхадацәа рнапы аҵарҩит 2025 шықәсазы ҿҳәара рацәала аусеицуреи еицырзеиԥшу аплани ирызку Амеморандум.
Аусмҩаԥгатәқәа рплан иазԥхьагәанаҭоит Урыстәылеи Аԥсни рҵараиурҭақәа реимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара, аспециалистцәа рҵарадырра ашьҭыхра. Убрахь иналаҵаны аплан аҟны иарбоуп аԥсуа школхәыҷқәа рыҩнуҵҟа аурыс бызшәеи алитературеи рзы аолимпиадақәа рымҩаԥгара, Аԥсны астудентцәеи арҵаҩцәеи рзы аԥхынтәи аҵарадырратә школ аиҿкаара, иара убас Аԥсны абжьаратә занааҭтә ҵараиура асистемаҿы Урыстәылатәи аԥышәа аларҵәара.
Абри инаваргыланы иазырҳауп аквота. Уи иабзоураны Аԥнытәи ашколхәыҷқәа 101-ҩык 2025 шықәсазы Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр «Артек» иалахәын. Уахь инаԥхьан активистцәа, аолимпиадақәа рҟны аиааира згаз, аспортсменцәа.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
