Иара амчратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшыз агәрагаразы, Ассоциациа адгыларазы, активла рхы ахьаладырхәыз ази.
«Шәара шәҟәыӷара, шәԥышәа, шәзанааҭтә дыррақәа акырӡа зҵазкуа абри ашьаҿа уасхырны иазыҟалеит. Ҳара, амчратә усҳәарҭақәа Рассоциациа аԥҵаҩцәа, ҳаигәырӷьоит ҳаиҿкаара ауаажәларрахь акылгара. Еиҭаҳҳәоит ҳагәҭакқәа, ҳуснагӡатәқәа, иара убас, ҳара ҳазлахәаԥшуа ала, абасеиԥш иҟоу ауаажәларратә еиҿкаара аусура атәылаҿы хәарҭарас иалоу», – иҳәеит иара.
Ассоциациа еиднакылоит атәылахьчара Аминистрра, ахәынҭшәарҭадара Амаҵзура, ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура, аҩнуҵҟатәи аусқәеи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи Рминистррақәа русзуҩцәа.
Агрба иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы уаҩы ибоит азинлеишәеи ашәарҭадареи зыхьчауа амчрақәа русзуҩцәа раҳаҭыр ҵаҵӷәык амамкәа аларҟәра.
«Аха Аԥсны аҭоурых – иара убас ҳамчрақәа русзуҩцәа рфырхаҵара аҭоурых ауп. Аусҳәарҭақәа имаҷҩымкәа русзуҩцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит, иара убас уи ашьҭахьгьы. Урҭ ҭахеит ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхьчаразы, уи атәылауаа ршәарҭадаразы», – иҳәеит иара.
Ассоциациа ауснагӡатә хадақәа ируакуп амчратә усбарҭақәа, Аԥсны ашәарҭадара алзыршо амчрақәа рахь агәрагара аиҭашьақәыргылара, ачын зыжәҩахыр иқәу ауаа раҳаҭыр ашьҭыхра.
Ассоциациа апланқәа рҟны иарбоуп Урыстәылатәи Афедерациа аиԥш-зеиԥшу аусбарҭақәа активла аус рыцура, аԥышәа аимдаразы аиҭанеиааирақәа рышьақәыргылара.
Атәылахьчара Аминистрра ахаҭарнак, аполковник Беслан Мышәба иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәа рҿагыларазы амчратә усҳәарҭақәа рҽазышәарақәа реидкылара шаҭаху.
«Аԥсны идыру аҭагылазаашьақәа инарымаданы, зымчхара дуу аҳәынҭқаррақәа ринтересқәа ахьеиҿаҳауа ҭыԥны иҟалар алшоит. Абри инамаданы ҳарзыхиазароуп аимак-аиҿакқәа, урҭ рҭыԥ рықәҵаразы амҩақәа рыԥшаара», – иҳәеит иара.
Мышәба иажәақәа рыла, амчрақәа реидкылара мҩаԥыслароуп иаҳзеиԥшу агәҭакқәа рышьаҭала.
«Ҳара агәыӷра дуқәа адаҳҳәалоит Аԥсны амчратә усҳәарҭақәа Рассоциациа. Уаҟа иаахтны ҳрылацәажәалоит атәылахьчареи азинлеишәеи ирымадоу азҵаарақәа. Иҳамоу алшарақәа еидҵаны, ҳзеиԥш гәҭакқәа рынагӡара алҳаршоит», – иҳәеит уи.
Ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар иазгәеиҭеит Ассоциациа ахаҭарнакцәа азакәани алеишәеи шырыхьчауа.
«Арҭ тәамбашақә изызныҟәатәу уаам. Урҭ ирыцхраалатәуп, избанзар ажәлар рыдгылара ада амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа дара рҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа рынагӡара рымч ақәхом», – иҳәеит Дбар.
«Ҳаргьы иаабоит ацәгьоурақәа ирҿагыланы ақәԥара, амҩақәа рҟны амашәырқәа рырацәахара, арыжәтә зыдкыланы аԥсҟы зку рганахьала аусмҩаԥгатәқәа зегьыҵәҟьа ишыргәамԥхауа. Ассоциациа еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара аҿар аладырхәлар, ауаа идеилдыркаалар абас еиԥш иҟоу аӡбамҭақәа рыдкылара шхымԥадатәу – ари зегьы иҳахәоит», – иҳәеит иара.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Роберт Киут иазгәеиҭеит, аҿар аус рыдулара, урҭ патриотизмла рааӡара акырӡа шаҵанакуа, иара убас атәылауааи аҳәынҭқарратә интересқәеи рыхьчараҿы амчратә усҳәарҭақәа рҵакы деилыркаара.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахада Ассоциациеи, насгьы уи агәҭакқәеи, ауснагӡатәқәеи инагӡаҵәҟьаны дышрыдгылауа атәы иҳәеит.
Иара убас аиԥылараҿы дықәгылеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Лев Кәыҵниа.
«Имариамзаргьы аколлеџь ҷыдақәа раԥҵара, аррахь инарыԥхьаанӡа аҿар разыҟаҵара, аӡаҿы, ашьхақәа рҿы аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа дырҵара – абарҭ зегьы аҵак ду рымоуп», – иҳәеит иара. Ассоциациа аусураҿы ақәҿиара дуқәа рзеиӷьаишьеит.