Сгәалашәара зырлашо амш

14 Ԥхынкәын 2023 12:38
Ашәышықәсақәа раԥхьа жәларыкны иҟаз аԥсуааи абазақәеи иахьа аҳәаа шҳабжьоугьы амҩахәасҭақәа ҳаицырныланы ҳнеиуеит, ҳаизыҟазаашьақәа еихаҳҳауеит, ҳаимадара еизҳарҳауеит.
Алан Герзмааи Леонид Арсҭааи аиааира ргеит, Дамеи Кархалаа аџьазтә аԥхьахә игеит Асовет Еидгыла ачемпион Владимир Радионов игәалашәара иазкны имҩаԥгаз зхы иақәиҭу аиқәԥаразы IX Урыстәылазегьтәи атурнир аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аофициалтә саит.
Мышқәак раҧхьа Аҧсны асоциалтә ҳақәа рҟны иаацәырҵыз, архимандрит Дорофеи Дбар иҳәамҭа, амилаҭтә цәаҩа иашьашәалоу ахымҩаҧгашьа пату ззақәу зегьы иааиланарҩҩит, амассатә информациа ахархәагақәа ракәзар, ажәабжь аашьҭҧааны иҭҵааны иалацәажәеит.
Шықәсык аҩнуҵҟа имҩаҧысуаз аргыларатә усурақәа ирылҵшәаны, Очамчыра араион Ҧақәашь ақыҭан иаадыртыз ашьапылампыласырҭа маҷ ақыҭа ауааҧсыра рзы ашықәс ҿыц аныҳәа иаанагаз аҳамҭа иаҩызахеит.
Ааигәа апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа 80 шықәса ихыҵит. Валери Платон-иҧа Касланӡиа диит (23.11.1943) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ианашьоуп Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me