Аҩбатәи ашьаҿа – Ӷәадаҟа

Очамчыра араион Ӷәада ақыҭан Қь.Ҟ. Агәмаа ихьӡ зху абжьаратә школ аҟны иаадыртит аспортзал ҿыц. Уи аатраҿы иҟан Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба, ихаҭыԥуаҩыс иалху Беслан Бигәаа, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба.

Ашәҭқәа шьҭарҵеит 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәы­латә еибашьра Дуӡӡеи 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи раан иҭахаз Ӷәада ақыҭа аҵеицәа рбаҟаҿы.
Аԥсны аҵара аминистр ина­пынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи ирыди­ныҳәалеит аспортзал аартра, атәыла анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит ашкол иарҭаз ацхырааразы.
Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба иқыҭа гәакьаҿы бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит иалырхыз ахадеи уи ихаҭыԥуаҩи, иазгәеиҭеит ари ақыҭазы хҭыс дуны ишыҟоу.
Ақыҭа ауааԥсыра рыхьӡала Лаша Ашәба атәыла анапхгара иҟарҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Очамчыра араион ахадас даныҟаз Беслан Владим­ир-иԥа Бигәаа ақыҭақәа иааиԥ­мы­рҟь­аӡакәа дрыцхраауан. Агәра га­ны сыҟоуп, ахада ихаҭыԥуаҩыс дахьалырхыз ҳасаб азуны, ари ацхыраара акырӡа ишацло», – иҳәеит Ашәба.
Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аԥсуа қыҭақәа зегьрыла ацхыраара рыҭара акырӡа шаҵанакуа.
«Ҳарҭ иахьа аԥсуа қыҭақәа реиқәырхара ҳамч-ҳалшара адҳамҵар, аҳәынҭқарреи ажәлари ԥхьаҟатәи рԥеиԥш уашәшәырахоит. Ҳқыҭақәа рыцхраара – аҳәынҭқарра иауалԥшьоуп. Ӷәада ақыҭан акәзар, аспортзал аартра анаҩсангьы, аԥхьаҟа иҟаҵатәу рацәоуп», – иҳәеит Гәынба.
Ахада инапынҵақәа назыгӡо иаҵишьит аԥсуа бызшәеи акультуреи реиқәырхареи рырҿиареи рганахьала ақыҭа аҭыԥ ҷыда шааннакылауа.
«Иааҳалшо зегь ҟаҳҵоит ақыҭақәа рыдгыларазы. Иахьа избеит Ӷәада ақыҭан иҟоу апроблемақәа жәпакы», – иазгәеиҭеит Гәынба.
Ӷәадатәи ашколхәыҷқәа асасцәа рҿаԥхьа концертла иқәгылеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me