Уаанӡа Иусуф Абаза асоциалтә ҳақәа рыла Аҳәынҭқарра Ахада иахь аҳәара ҟаиҵахьан иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәра аганахьала ацхыраара ииҭарц.
Бадра Гәынба Иусуф Абаза ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иабдуцәа рыдгьыл ашҟа имоу абзиабаразы, Аԥсуа ҳәынҭқарра гәык-ԥсыкала амаҵзура агәаҳәара ахьимоу азы.
«Ҳара ҳаигәырӷьаҵәа Аԥсны ҳашәзыԥшуп уареи иага уадаҩра рыхҭыргазаргьы Аԥсны ашҟа аҭоурыхтә гәалашәареи абзиабареи ашәышықәсақәа иргәылызгаз ҳџьынџьуаа зегьи», – иазгәеиҭеит Гәынба.