Зегьы раҧхьа иргыланы уи ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҧсны жәлар зегьы, иаадырҧшыз аҟәыҕареи ачҳареи рзы. Иара иажәақәа рыла, алхрақәа рымҩаҧысшьа даара имариамызт. «Иҟан имаҷымкәа ауадаҩрақәа, ажәлар еинызҟьашаз ақәгыларақәа, аҳәамҭақәа, аха абарҭқәа зегьы ҳариааины ҩаҧхьа ишьақәҳарҕәҕәеит идемократиатәу аҳәынҭқарра шҳаргыло», – ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Ҭабуп ҳәа реиҳәеит азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, акандидатцәа рыдгылаҩцәа рыбжьара аиҿагылара ҟамлартә еиҧш ахылаҧшра ахьарҭаз. Иара убасгьы Алхратә комиссиа хада аиҳабы инаиркны уи аусзуҩцәа зегьы рус ҭакҧхықәра ҳаракыла иахьазнеиз азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. «Иахьа аиааира згаз командак амацара акәӡам, аиааира ргеит аҧсуа жәлар зегьы. Алхрақәа ҭынчрала имҩаҧысит. Иҳамоу алшара ҳхы иархәаны ҳҳәынҭқарра арҕәҕәара ҳазхиазарауп», – иҳәеит Бадра Гәынба раҧхьатәи ибрифенг аҟны.
Ажурналистцәа рызҵаарақәа аҭак ҟаҵо Бадра Гәынба иазгәеиҭеит алхрақәа раан иара ҧсшьара дышцаз ала арзаҳал шиҩыз. «Уажәшьҭа алхрақәа хыркәшоуп, аҧсшьара аҟынтәи сусура сеиҭазыхынҳәит, Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа насыгӡалоит аинаугурациа ҟалаанӡа», – ҳәа азгәеиҭеит уи.
Аконституциа ареформақәа алагалара азҵаара дазаҭгыло, иазгәеиҭеит азакәанҧҵара аганахьала иуашәшәыроу аганқәа шыҟоу. «Аҧсны анапхгара инеиуаз зегьы иаҧырҵон аконституциатә реформақәа рзы акомиссиа. Еилаҳкаауеит абри азҵаараҟны аҭакҧхықәра шаарҧштәу. Ҳарҭ иҳамоуп акымкәа-ҩбамкәа апарламент ашҟа инаҳашьҭша алагалақәа. Уи азы хаҭала аусуратә гәыҧ аҧаҳҵаӡом, Жәлар Реизараҿ еиҿкаауп аусуратә гәыҧ, уи аус адызуло. Ҳаҧхьаҟа дук хара имгакәа Жәлар Реизарахь адепутатцәа ралхрақәа мҩаҧысраны иҟоуп. Убри аҟнытә иаарласны Аҧсны Алхрақәа рзы Азакәан аиҭакрақәа алагалатәны иҳаҧхьаӡоит», – ҳәа азгәеитеит Бадра Гәынба.
Аҭыҧантәи амассатә информациатә хархәагақәеи аппозициеи шәареи шәеизыҟазаашьа шҧаҟало ҳәа ажурналистцәа иқәдыргылаз азҵаара аҭак ҟаҵо, ажәлар иалырхыз Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит: алхрақәа цонаҵы знызаҵәыкгьы ҳара ҳкоманда иадымгылоз ажурналистцәа рышҟа иакәымк ҳамҳәеит. Ажурналистцәеи Аҧсны анапхгареи реимадара даара ихадоуп, избанзар аинформациатә массатә хархәагақәа рыла ауп ҳауаажәлар рҟынӡа изланаҳго Аҧсны анапхгара имҩаҧырго аусурақәа ртәы.
«Аоппозициеи Аҧсны анапхгареи рыҩнуҵҟа аицәажәара, азҵаарақәа рыӡбара акы аҧырхаган избом, уи ҳҳәынҭқарреи ҳхьыҧшымреи рырҕәҕәара акәзар хықәкыс иамоу. Ганкы мацара аицәажәара азыхиара акгьы аанагом, аҩганкгьы уи рҭахызар ауп. Ҳара ҳазхиоуп аицәажәара», – иҳәеит ҿыц иалырхыз Аҧсны Ахада.
Шарида Торчуа