Апрофессионалтә бокс азы Аԥсны еизгоу акоманда алахәыла, ҳџьынџуаҩ, ААУ астудент Енвер Бзагәа апромоутертә еилазаара «ATILGAN PRODUCTION» еиҿнакааз апрофессионалтә бокс ахәылԥаз «ATILGAN FIGHT NIGHT X» аҿы Аԥсны ахьӡала дықәгылеит. Иара ирантәи абоқсиор Саџьад Хабиб дииааит, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы апресс-маҵзура. Аиндаҭлара ԥхынҷкәынмза 15 рзы Анкара ақалақь имҩаԥысит. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵышьҭра Енвер Бзагәа раԥхьаӡа…
Апрокуратура хада, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура, еиуеиԥшым аминистррақәа рхы аладырхәуеит агәыҳалалратә фонд «Кьараз» есышықәса имҩаԥнаго зҭаацәаратә ҭагылазаашьа уашәшәыроу, ахшара рацәа ахьааӡо аҩнаҭақәа рҟнытә ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду изырҩыз асалам шәҟәқәа рҟны ргәы ззыҳәо аҳамҭақәа рзыҟаҵара иазынархоу аусмҩаԥгатә.
Ашықәс Ҿыц аламҭалаз еснагь ауаҩы аҳамҭақәа дрызхәыцуеит, ирысҭарызеишь сҭаацәа, сыуацәа, сҭахцәа, сҩызцәа ҳәа.
Ҧхынҷкәынмза ахыркәшамҭаз Гагра ақалақь аҟны имҩаҧган аинтеллектуалтә хәмарра «Аҧеиҧш».
Краснодар ақалақь аҟны имҩаԥысит ахәыҷқәа рҿыханҵатә ҭыхымҭақәа жәларбжьаратәи рцәыргақәҵа «Ашықәс ҿыц ҳаиднакылоит» ҳәа хьӡыс измаз.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me