Ахы шиқәшәахьазгьы…

21 Цәыббра 2023 12:24
Аибашьра цон. Ӡынран. Февраль мза 27 ашарҧазы акәын. Мрагыларатәи афронт, Маркәылатәи ахырхарҭаҿы ҳаибашьцәа ажәылара рҽазыҟарҵон. «Ашарҧазы иҽеилаҳәа-иҽеилаца, бџьарла деиқәных Рудик данаацәырҵ, сылаҧш сызиҟәгомызт, иахьагьы сыбла дыхгылоуп адауаҧшь иаҩызаз, зоура- зыҭбаара ухнахуаз ари арҧыс», – иҳәоит Аҧсны Афырхаҵа Заур (Лакәыт) Зарандиа ҳаниҿцәажәоз.
Ҩажәи жәеиза шықәса раԥхьа Аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиара, уи аԥеиԥш акыр жәашықәса бӷеиҵыхра амоуртә арыцҳара ду иҭазыргылаз ақырҭуа фашисттә идеологиа ашьаарҵәыратә режим мчыдахеит 413 мшы рнаҩс, аԥсуа жәлар наџьнатә аахыс имырӡкәа иааргоз, ҿыцәаара зқәымыз ацәанырра ҳаракы – аԥсадгьыл, аџьынџь азын ахамеигӡара иарҵысуаз адоуҳамч аҿаԥхьа.
Аҭоурых шьықәгылоуп ахьыӡқәа рыла, ауаа роуп иара зхылҿиаауа, наунагӡа хашҭра ақәымкәан иҟазҵо. Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҵҩа рымам иҿырҧшыгоу ахҭысқәа.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me