Февраль 29 рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Гәдоуҭа араион П.Шьаҟрыл ихьӡ зху Лыхнытәи абжьаратәи ашкол аҟны имҩаҧнагеит алитературатә семинар. Уахь имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хада Гәында Сақаниа, апоетцәа Гәында Кәыҵниа, Заира Ҭҳаиҵыкә, ­Абзагә Аҟалҕьба. Рҽаладырхәит агазеҭ «Аҧсны» аредактор хада Ахра Анқәаб, Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа, арҵаҩцәа,…
Ишдыру еиҧш, аҧҳәызба – аҧшӡареи, ахаареи, аизҳареи дырхаҿуп, символс дрымоуп.Хаҭала, аҧсуа ҧҳәыс – ан лтәы ҳазааҭгылозар, уи лроль даара акыр аҵанакуеит ҳаҧсҭаазаараҿы.
Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы имҩаԥнагеит аиԥылара Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль иалахәхараны иҟоу аԥсуа делегациеи дареи.Аделегациа иалоуп 100-ҩык ауаа. Аҿар рацәажәарахь имҩахыҵит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, афинансқәа рминистр Владимир Делба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Асахҭан лыхқәа рымаӡа

06 Хәажәкыр 2024 12:51
Илона Кәыҵниаԥҳа еиҳарак амузеи аусзуҩы ҳәа даҳдыруеит, иара убас ахыци ахәымпали рыла ихысуа лаҳасабала, аха занааҭла лара джурналиступ. Аҳәынҭкарратә университет даушьҭымҭоуп. Илона дҳақьымхар лҭахын, дшыхәыҷыз инаркны аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи реиҿартәышьа ҭылҵаауан. Уажәы, асахҭан иалхны амаҭәахәқәа ҟалҵоит, дӡахуеит, аҳәынҭқарратә музеи аҿгьы лусура аанылмыжьит.

Леуарса Быҭәба ирҿиара

05 Хәажәкыр 2024 14:12
Ааигәа акультуратә платформа «Гәыма» аҟны ицәыргақәҵан асахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба иҿыханҵатә аԥҵамҭақәа. Уи еиҿылкааит «Гәыма» анапхгаҩы Хьыбла Возба. Араҟа иҟан иара иҭыхымҭақәа 10, ахатәы коллекциақәа рҿынтә. Иара убас 32 арепродукциа – урҭ ааигәа акартинатә галереиа иалаблыз иҭыхымҭақәа ррепродукциа акәгәышьоуп. Ацәыргақәҵа иаҭааит хыԥхьаӡара рацәала асахьаҭыхҩы иҩызцәа, ирҿиара абзиабаҩцәа, аҿар.Иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылаз­ҭгьы, асахьаҭыхҩы, аԥсадгьыл апатриот иаша Леуарса Быҭәба ихыҵуан 63 шықәса, аха…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me