Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа инарықәыршәаны, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб аилацәажәара мҩаҧигеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Сергеи Пустовалови Ареспубликатә унитартә наплакы «Аҧсныфармациа» аиҳабы Русҭам Адлеибеи алархәны. Уи рызкын атәылахьчара арҕәҕәара иазку аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара азҵаарақәа. Аиҧылараҿы ирылацәажәеит атәылахьчара Аминистрра иаҭаху ахәшәқәеи амедицинатә лыхымҭақәеи рыла аиқәыршәара азҵаарақәа.

Михаил Мишустин иахь

11 Абҵара 2022 14:24
Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы Михаил Мишустин жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путини Урыстәыла ажәлар зегьи ирыдиныҳәалеит жәлар ракзаара Амш.
А ҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи ҩымз ракәын иҵхьаз, аибашьра иаҳзыннажьыз ахәрақәа мҕьацызт, ақалақь аибашьра амца иацәынханы акрызҵазкуаз ахыбрақәа хыблаа-ҿыблаа, еилаҧыххаа, ааха ҕәҕәа рыҭан. Аха аҧхьаҟатәи аҧеиҧш иазхәыцтәын. 1993 шықәса декабр 12 рзы Жәлар Рҧыза, Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аҟны Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аиҿкааразы Ақәҵара инапы аҵеиҩит. Уи даара ибзианы еиликаауан аҳәынҭқарра аҿиараҿы аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа…
Москва, Абиблиотека №36 аҟны иҟоу Фазиль Искандер Икультуратә центр аҿы иаартуп имемориалтә уада. Ауада аӡыргара иазкыз аусмҩаҧгатә ашҟа инеит Москватәи алитераторцәа, хаҭала Ф. Искандер ибзианы дыздыруаз, ашәҟәыҩҩы иҭаацәа, Москватәи аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа, ҳџьынџьуаҩ иҭынха пату ззақәу аӡәырҩы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me