Ишдыру еиҧш, ааигәа Ҭаҭарсҭанынтә Аҧсны иааны иҟан еиҭаҵуа атехнологиақәа рганахь ала ахәыҷқәа ирызку «Амобилтә технопарк». Уи еиҳараӡак изызкыз ашколқәа рҟны аҵара зҵо ахәбатәи акласс инаркны ажәеизатәи акласс аҵаҩцәа ракәын.

«Ауашәшәыра»

15 Цәыббра 2023 09:29
Абас ахьӡуп арҭ амшқәа рзы Аҟәа ақалақь абаа аҭыӡқәа рҿы еиҿкааз ацәыргақәҵа. Уи рыбзоуроуп асахьаҭыхыҩцәа Диана Хынҭәба, Аҧшьа Ҳагба, акуратор Саид Гьезердаа, Аинар Инал-иҧа, Азамаҭ Багаҭелиа, амузыкала аиқәыршәаҩ Надир Џьинал.
Борис Багаҭелиа азҟазацәа рыҩнуҵҟа самбо азы адунеи ачемпионат аҟны аиааира игеит, иаанацҳауеит Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы. Аиԥылара мҩаԥысуан Ареспублика Ҟазахсҭан, Уральск ақалақь аҟны сентиабр 8 инаркны 10 азынӡа. Аԥсуа спортсмен дықәгылон 98 зкапануа рыбжьара. Борис Багаҭелиа адунеи хынтәны ачемпион, адунеи ачемпионатқәа араӡнытә, аџьазтә ԥхьахәқәа ҩба игахьеит, азҟазацәа рыҩнуҵҟа Урыстәыла ԥшьынтәны ачемпион, Урыстәыла Ахраҿеи Москва Ахраҿеи иоухьеит, самбо азы жәларбжьаратәи акласс…
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me