Ааигәа Аԥснытәи аҳәы­нҭшәҟәҭы­жьырҭа иҭнажьит еицырдыруа апоет, академик, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Владимир Занҭариа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаԥиҵаз иажәеинраалақәеи, иажәабжьоуқәеи, иеиҭагақәеи еидызкыло ишәҟәы ҿыц «Сара адгьылаҿ ажәҩан сызхом».Апоет иажәеинраалақәа жәпакы апериодикатә кьыԥхь ала аԥхьаҩцәа ирдыруеит, аханатә еиԥш, аҟаза иҟазшьа рнубаалоит, ахшыҩҵак бзиақәа рыла еибаркуп, игәҭакы аарԥшышьа дақәшәоит, акыр ажәеицааира шьахәқәа ргәылоуп, урҭ уагьрыдрыԥхьалоит. Зыӡбахә ҳамоу аҭыжьымҭа аӡыргара…

Адышшылара

03 Цәыббра 2024 07:55
Агазеҭ «Аԥсны аусзуҩцәа» гәалсра дула адырра ҟарҵоит акыршықәса инеиԥынкыланы агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аҟны аус зухьаз, аџьа аветеран Замира Антипа-иԥҳа Ҳашыг лыԥсҭазаара дшалҵыз азы, иагьрыдашшылоит уи лыуацәеи, лҭынхацәеи.
Адыррақәа рымш! Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы, агәыхыҭхыҭра, ашәҭ рацәа, аԥсҭазаара иаԥеиԥшу, гәыӷра лашала иҭәу аҭынч бзазара иазку аҵатәхәқәа... уҳәа агәырӷьареи алахҿыхреи рыла иҭәу амш! Абри амшныҳәа аԥҵан цәыббра 1, 1984 ш. рзы СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ақәҵарала.

Аспорттә жәабжь

30 Нанҳәа 2024 10:25
Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба идикылеит 13-14 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара абокс азы Европа ачемпионат аҿы араӡын медал занашьаз, Урыстәыла Ачемпионат аҿы аԥхьахә згаз Сандро Цымцбеи уи иазыҟаҵаҩ Едгар Қриеи.
 Алхас Ҷолокәуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы иҟоу амассатә информациа ахархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп. Уи азы нанҳәамза 29, 2024 шықәсазы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Алхас Дмитри-иԥа Ҷолокәуа диит мшаԥымза 22, 1976 шықәса рзы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. 1992 шықәсазы далгеит К.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат №1, афизикеи аматематикеи инарҵауланы рҵара азы иҷыдоу акласс. 1998 шықәсазы далгеит ААУ…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me