Збаҩхатәра ҳаракыз

24 Ажьырныҳәа 2024 07:44
Ауаҩы ихы азыгәдуреи итәылауаҩра аԥсахареи еизнарҳауеит амилаҭтә доуҳатә культура. Еиҵагыло абиԥарақәа инарҵауланы ирнырратәы идеилнаркаауеит шаҟа иҵаулоу рыжәлар рҭоурых адацқәа.Аԥсуа жәлар рдоуҳатә культура ахәҭа хадақәа ируаку атеатртә ҟазара ашьаҭа кын, ишдыру еиԥш, сынтәа диижьҭеи 150 шықәсхыҵра азгәаҳҭо, ҳдоуҳа ауасхыршьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа иаԥшьгарала, иаҳхысыз ашәышықәса актәи ажәашықәсақәа раан.

Мықәтәи ауахәама

24 Ажьырныҳәа 2024 07:41
Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб дырԥылеит Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама адинмаҵзуҩцәа – аиереи Виссарион, аиереи Долмат, аиеромонах Давид, – иаанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.Аиԥылараҿы Аԥыза-министр адинмаҵзуҩцәа иреиҳәеит Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама ахыбрақәа реиқәырхареи ирыгу-ирыбзоу аҟаҵареи рзы Аԥсны Аиҳабыра имҩаԥырго аусқәа.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит анапхгаҩы Андреи Белианинов хадас дызмоу Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа аделегациа, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.Бжьаниеи Белианинови Ашықәс ҿыц еидырныҳәалеит, ирзеиӷьибашьеит аҭынчра, ақьиара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me