Аҧсадгьыл аҧа иаша

24 Ажьырныҳәа 2024 08:28
Дыздыруан Хәыхәыт Шьаликәа-иҧа Бганба 1979 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет данҭала нахыс. Дахьгылаз аҭыҧқәа зегьы рҟны далкаан, дыццыкын, амцабз даҩызан. Агәеибафара, агәыцыхцыхра, зегь рызхьаара, зегьы рхаҵгылара зцәаҩаз иакәын. Аҧсны аҭагылазаашьа уадаҩ акәмызҭгьы Хәыхәыт Бганба ҵарауаҩ духәон хымҧада.

Аишьцәа – Афырхацәа

24 Ажьырныҳәа 2024 07:53
Аҧсуаа ражәа иалоуп: «Аиашьа рыцҳарак дақәшәар, аиаҳәшьа лылаҕырӡ ахькаҭәо ашьац былуеит» ҳәа. Иҟам еиҳау ахьаа аиашьа игәырҩара аҵкьыс.
Аҟәа ақалақь аҟынтәи 12 километр ахьыбжьоу, Каман аҳаблаҿы игылоуп аԥшьаҩы Иоаанн Ахьҿы ихьӡ зху аберҭыԥ. Уи есышықәса иаҭаауа аҭыԥԥшьаныҟәаҩцәеи атуристцәеи рхыԥхьаӡара 50 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит. Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша ахантәаҩы, аигумен Игнати (Киут) ари аберҭыԥ ахылаԥшҩыс дыҟоуп. Уи Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, ари аныхабаа имариам аԥсҭазаара атәы еиҭеиҳәеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me