«Ашәа ԥсаатәуп, амҵәыжәҩақәа амоуп, иԥыруеит. Ҳбызшәеи ҳашәеи адунеи иахыҩуеит. Ашәа аԥсы ахазҵо, амҵәыжәҩақәа азҭо, изырԥыруа ашәаҳәаҩ бзиа иоуп. Аԥсуа цәа ахаҵаны, ԥсыуа бжьыла иназыгӡо…» –лҳәоит жәлар рвокалтә-инструменттә ансамбль «Риҵа» асахьаркыратә напхгаҩы Нора Чамагәуа.Аҟазара аҳаԥшьа ҵаулоуп, ҳәа аԥсуаа ражәаԥҟа иалан. Ауаҩы ицәа-ижьы аҟазара аламзар, мчыла иузилаҵом, дузадгалом. Аҟазара ԥсабарала иуциуа, уԥсы ахьынӡаҭоу уи ала уԥсыԥ лазга-ҩазго махәҭа дууп.Жәытәнатә аахижьҭеи ашәаҳәареи акәашареи…