Едуард Ажьиба иааигәаны дыздыруаз, иҿцәажәахьаз, ицныҟәахьаз насыҧ иман, рҳәоит иахьа уи дызгәалашәо. Дахьыҟазаалакгьы Едуард даара аҧсуара бзиа ибон, егьныҟәигон. Аҧсуара аҵакы иара изы акыр иҭбаан, иҵаулан, иҧсҭазаараҿы сара саҧсуоуп аҳәара мацарала акәмызт ишеиликаауаз. Аҧсадгьыл еиҧш, аҧхьа иргылон ахатәы бызшәа.
Аусурҭадара апроблема, аус зуа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәра, аҳәынҭқарреи абизнеси русеицура аԥеиԥш иалацәажәеит Ахада Аслан Бжьаниеи анападкылаҩцәа рхаҭарнакцәеи реиԥылараҿы.Атәыла Ахада аиԥылара иалахәыз ҭабуп ҳәа реиҳәеит аекономика арҿиара иацхрааз, аҳәынҭқарратә биуџьет аҟаҵарбақәа акырӡа еиӷьызтәыз лыҵшәа-бзиала русуразы.

Адоуҳатә культура ацәыӡ ду

23 Ажьырныҳәа 2024 10:40
Ианвар 21 ауха, инықәырԥшшәа ашьыжь асааҭ ԥшьба рзы амца акит Лакоба имҩаҿ игылоу Ацәыргақәҵарҭатә зал хада ахыбра. Уи арцәара иалахәын аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра амцарцәаратә машьынақәа. Амцабз иамҽханакит ҩбаны еихагылоу ахыбра, Аԥсныпресс акорр. адырра ҟаиҵеит ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟнытә.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me