Иалкаауп ахырхарҭа хадақәа

31 Ажьырныҳәа 2024 06:41
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа инеиҵыхыз аилацәажәара мҩаԥигеит Аиҳабыра иалоу, араионқәа рхадарақәа реиҳабацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, алархәны – иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.Аиԥылара аартуа, атәыла Ахада иаликааит 2024 шықәсазы амчра амахәҭақәа зегьы русура ахырхарҭа хадақәа. Урҭ еиқәышәшәа русура иахьыԥшуп Аԥсны атәылауаа рыԥсҭазаара аҩаӡара ахаҭабзиара.

Адныҳәалара

30 Ажьырныҳәа 2024 09:19
Аԥсны Аҳәынҭқарра аамҭала акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр Аԥсны жәлар рартист Сергеи Семион-иԥа Габниа ииубилеи идылныҳәалеит:

Иахьазы – ҩ-еилахәырак…

30 Ажьырныҳәа 2024 07:22
2023 шықәса декабр 16 азы Урыстәыла Аиҳабыра ақәҵара ҭрыжьит. Уи инақәыршәаны аилахәыра «Роснефт» заҵәык азин аҭан Аԥсныҟа анефт аалыҵқәа раашьҭра.Февраль азынӡа цәынха-мынхақәак абылтәы змоу «Подорожники» «Роснефт-Аԥсни» аалхны, Аԥсны абылтәыҭаҭәарҭақәа рҟны абылтәы аҭира аанкылоуп ианвар 1 инаркны, – арадио Спутник иеиҭаз аинтервиу аҟны абас иҳәеит Аԥсны Абылтәы ассоциациа апрезидент Артур Ашәба.Уи иажәақәа рыла, Аԥснытәи аилахәырақәа рбылтәыҭаҭәарҭақәа рҟны аҭагылазаашьа лахьеиқәҵагоуп, избанзар иҟаз…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me