Октиабр 15 рзы Цхьынвал ақалақь агәаны, ауаԥс милаҭтә рккаҩы Косҭа Хеҭагу-ров ибаҟаҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала ихацыркхеит ашәышықәсақәа рҵеи ииубилеитә шықәсхыҵра азгәаҭара иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа. Уахь инеит атәыла анапхгара рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқә астудентцәа, ауаажәларра.