Пицунда имҩаԥысит аолимпиатә хәмаррақәа рҟны араӡнытә аԥхьахә иаԥсахахьаз Саида Гәынба лгәалашәара ахьӡала, атлетика лас азы иаарту ареспубликатә турнир. Уи рхы аладырхәит ақалақьқәа Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гал, Гәдоуҭа рҟнытә 2007 ш. рзы ииз, иреиҳабацәами, 2008-2009 шықәсқәа рзы ииз иреиҵбацәами 70-ҩык рҟынӡа аспортсментцәа.