Ансамбль "Гунда"

10 Цәыббра 2024 11:39
Авокалтә-инструменталтә ансамбль "Гунда" рхы аладырхәит жәларбжьаратәи афестиваль "Золотое кольцо-2024". Афестиваль мҩаԥысуеит Владимир ақалақь аҟны цәыббрамза 8 инаркны 12 рҟынӡа. Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩыс дамоуп Аԥсны Жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа. Афестиваль рхы аладырхәуеит Бразилиа, Китаи, Индиа, Иран, Сербиа, Аԥсны рҟынтәи афольклортә ансамбльқәа. Афорум апрограмма иаҵанакуеит арҿиаратә еиԥыларақәа, ақалақьқәеи араионқәеи рҿы аконцертқәа рымҩаԥгара. Аманда Анталаа
Иҳаҩсыз амчыбжь азы атәылаҿы излацәажәо адокумент – Аԥкаанҵа ҳәа изышьҭоу инамаданы, аимак-аиҿакәа рыгәҭа иҟалеит Аԥсны Жәлар Реизара аусурагьы. Жәлар ралхыҩцәа русура дасу ишиҭаху ахәшьара аиҭоит.
Иҿыцӡоу ҳҭоурых аҿы Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рыжәҩан иааҵалон ԥсҭҳәақәак, аха урҭ политикатә ԥшаласқәак нарыҵасуан, иахьца-иахьаа умбо, еимбӷьыжәаауан, амш еилгон, амра каххаа ишыԥхац иԥхон. Уажәгьы ус иҟалоит ҳәа агәыӷра ыҟоуп. Иҟалазеи? Абарҭ амшқәа рзы аинтернет қәыԥшылараҿы иахыҵәеит сентиабр 1 инаркны Урыстәыла иҟанаҵоз афинанстә цхыраара ааннакылеит ҳәа. Убри инамаданы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба имҩаԥигаз абрефинг аҟны тема хадас иҟан «Урыстәылатәи…

Ашә аныҳәа

08 Цәыббра 2024 14:58
Иахьа ихыркәшахеит Адыгьеиа, Маиҟәаԥтәи араион, Даховтәи адәҳәыԥш аҟны сентиабр 7-8 рзы имҩаԥысуаз, есышықәса зымҽхак зырҭбаауа, Адыгьеиа мацара акәымкәа, Урыстәыла еиуеиԥшым акәакьқәа рҟнытә зқьҩыла ауаа здызыԥхьало, амилаҭтә чыс аӡыргаразы традициак иаҩызахаз Адыгьеиатәи ашә XIII афестиваль.Ашә аныҳәа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Ареспублика Адыгьеиа Ахада Мураҭ Кумпилов, иара убас, атәыла аиҳабыра рхаҭарнакцәа.Афестиваль аҟны иӡырган Адыгьеиа араионқәа зегь раарыхреи рмилаҭтә напҟазареи аазырԥшуа аалыҵ…
Гәдоуҭа араион аҿы активла имҩаԥысуеит амҩатә инфраструктура аиҭашьақәыргылара.Ақыҭақәа Хәаԥ, Лыхны, Бармышь рҿы иҳаҩсыз хымчыбжь ирылагӡаны асфальт ақәҵара иалагеит. Хәаԥ аусура хыркәшоуп, Лыхни Бармышьи рҿы уи апроцесс иацҵоуп. Гәдоуҭеи Хәаԥи еидызкыло амҩа акыраамҭа аҭагылазаашьа бааԥсын, уи иахҟьаны аныҟәара уадаҩын.Уажәы асфальт ҿыц ахьышьҭаҵаз иабзоураны ақыҭауаа рхы иақәиҭны аныҟәара рылшоит. Хәаԥ 154 ҭаацәара ыҟоуп, урҭ рҟынтә 130 инареиҳаны иааиԥмырҟьаӡакәа ақыҭаҿы инхоит. Аҭыԥантәи анхаҩы…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me