Аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, аԥсуа алфавит аиқәыршәаҩ, аԥсышәала раԥхьатәи асахьаркыратә шәҟәы – «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи, апоема – «Арԥызбеи аԥҳә́ызбеи рысалам шәҟәы», раԥхьатәи ажәабжь – «Атәым жәҩан аҵаҟа», ароман «Камаҷыҷ», адрама – «Анаурқәа» уҳәа раԥҵаҩы, раԥхьатәи агазеҭ «Аԥсны» аҭыжьҩы, редакторсгьы иамаз ҳлитература абду, арккаҩы, ааӡаҩ, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса ҵит.