Иахьа 110 шықәса ҵит Аԥсуа литературатә критика ашьаҭаркҩы, абызшәадырҩы, афольклорҭҵааҩ, ауаажәларратә-аҳәынҭқарратәи усзуҩы Хәыхәыт Соломон-иԥа Бӷажәба диижьҭеи.Хәыхәыт Бӷажәба – афилологиатә наукақәа рдоктор, Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсни Қырҭтәылеи зҽаԥсазтәыз Ауаажәларратә усзуҩ – диит 1914 шықәсазы жьҭаарамза 15 азы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа.