Шьханхыҵтәи ажәабжьқәа

Акыр иаԥсоу ҳаԥхьаҩцәа! Аӡәгьы изы имаӡаӡам Кавказ нхыҵ иқәынхо ҳаешьаратәи егьырҭ ашьхаруа жәларқәеи ҳареи ҳаимадара аҵакы.

Аԥхьаҟагьы уи иҵегь агәцаракра хықәкыс иҟаҵаны, 2023 шықәса аҩбатәи азыбжа инаркны агазеҭ «Аԥсны» аредакциеи урҭ ажәларқәа рпериодикатә ҭыжьымҭақәа рредакциақәеи рҽеимадареи, реиҭанаиааирақәеи рымҽхак акыр иҵаулахеит. Есааирагьы зыҽзырҭбаало урҭ аиҿцаарақәа руснагӡатәқәа рыхәҭак аҳасабала, ҳгазеҭ есымза ахԥатәи аҭыжьымҭаҟны акы-ҩба даҟьа ашьхаруа жәларқәа рыбзазара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа, аҭоурых ахьтә еицаҳзеиԥшу аҟәырҷахақәа, зыхьӡ нагоу ахаҭарақәа рыԥсҭазаарақәа… уҳәа аазырԥшуа ажәабжьқәа ирызкхалоит.

Ажәлар еидызкыло

Черқьесск ақалақь аҟны иаԥҵоу аԥсуа–абаза ажәлар рдоуҳатә ҭынха аиқәырхареи арҿиареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Алашар»-еи Адунеизегьтәи аԥ­суа-абаза Конгресси Ҟарачы-Черқьесстәи Ареспублика аҟны иуль 21-23 рзы имҩаԥыргоит итрадициатәхаз IX акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза».
Раԥхьатәи Абаза жәлар Рыхәмаррақәа мҩаԥган иун 21, 2014 ш. рзы Абазатәи араион Инџьықь-Ҷкәын ақыҭан. Уи иалахәын абаза қыҭақәа хәба: Ҟазма, Гәымлоуқыҭ (Красный Восток), Ҟәбина, Хәажә Ду (Старо Кувинск), Инџьықь-Ҷкәын ркомандақәеи, иара убас ақыҭақәа Аԥсуеи Ельбургани рахьтә аӡәа-аӡәа аспортсменцәеи. Азеиԥш еихшьалақәа рыла усҟан аиааира ргеит Ҟазма ақыҭа ахаҭарнакцәа. Уи аахыс есышықәса имҩаԥысуеит иуль мзазы, Аԥсны аҳәынҭқарратә символика аныҳәамш иақәыршәаны.
Аамҭақәак раԥхьа адунеи зымҽхакыз аҿкы чымазара бааԥсы раан шықәсқәак имҩаԥгаӡамызт. Сынтәа
Иуль 21 рзы ақыҭа Аԥсуа имҩаԥгахоит иуль 23 рзы Черқьесск ақалақь аҟны «Адгьылбжьаха иаҵәа» ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ ссир аҿы имҩаԥысуеит – «Абаза жәлар ркультура амш» ҳәа хьӡыс измоу агәырӷьаратә алахҿыхратә усмҩаԥгатә. Уи рхы аладырхәуеит есышықәсеиԥш Аԥснытәи аделгациагьы. Иара убас адунеи еиуеиԥшым ахәҭақәа: Ҭырқәтәыла, Германиа, Сириа, Иорданиа, Урыстәыла акәакьқәа – Москва, Питербург, Ставрополь, Ҟабарда-Балкариа уҳәа рахьтә аԥсуа-абаза жәлар рхылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа маҷҩымкәа.
Ажәаҟны ишырҳәо еиԥш, аибабара ауп гәыбылрас иҟоу, иԥкымзааит шәышықәсала аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа ҳаибабареи, ҳаиҭанеиааиреи, ҳаизгәыблреи.

Ҽаԥсатәрала азгәаҭаразы

Традициак аҳасабала ишы­шьақәгылахьоу еиԥш Адыгьеиа аҳҭнықалақь Маиҟәаԥ амш азгәарҭоит есышықәса сентиабр мза актәи асабшазы.
Сынтәа уи ақәшәоит арыцхә 7. Аха, аныҳәа иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп хымш, сентиабр 6-8 ирыбжьанакыз аамҭа иҭагӡаны. Уи еиҿкаарыла амҩаԥгаразы, ақалақь Ахадара аиҳабы Генади Митрофанов иқәҵарала иаԥҵоуп аиҿкааратә хеилак.
Ахеилак иазԥхьагәанаҭо ахаҿреиҿкааратә – арԥшӡаратә уснагӡатәқәа ирыхәҭакхеит, ааигәа ақалақьтә баҳча ԥшӡақәа руак аҟны, амҩасҩы иӡыша хиҽырц злалшо аӡыршәқәа, арыцқьага маругақәа рыла еибыҭаны, еиуеиԥшым абнатә ԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ԥшшәы хкы рацәала иҩычаны «иахьықәтәоу» ашьақәгылазаашьақәа рықәргылара. Имаҷым иазԥхьагәаҭоу, еилашуеит ақалақьтә нхамҩа аусзуҩцәеи ақалақьуааи ҩнапыклатәи русура аныҳәа ҽаԥсатәрала аԥыларазы.
Ҽааныԥшӡала.

Ҳабшьҭрақәа рмифқәа

Ҳазну амза алагамҭазы Маиҟәаԥ, Мргыларатәи ажәларқәа рҟазара амузеи аҟны иаатит аҟабарда сахьаҭыхҩы Руслан Тхазаплижев хаҭалатәи ицәыргақәҵа, амҿи, аџьази, абҩеи ирылху 60 усумҭа еидызкылаз «Ҳабшьҭрақәа рмифқәа» ҳәа хьӡыс изиҭаз.
Аҟазара наӡаӡоуп ҳәа баша ирҳәом.Руслан Ҭхазаплижев ицәыргақәҵа уи шьақәнарӷәӷәоит даҽазныкгьы. Азқьышықәсақәа иргәыласоу адыга жәлар рҭоурых еиуеиԥшым ахәҭақәа хәыцра ҟазала раарԥшрала.
Ацәыргақәҵа иазҿлымҳау Адыгьеиа ауаажәлари асасцәеи аҭааларц рылшоит иуль 28-нӡа.

Азхаҵара амш ахьӡала

Аахыҵ-Уаԥстәыла ахьԥшымра азхаҵара амш – август 26 ахьӡала, акультура аминистрра иатәу жәлар рырҿиара Ареспубликатә центр имҩаԥнагоит аҿыханҵеи анапҟазацәеи рцәыргақәҵа-ҭира.
Уи аҽалархәразы агәаҳәара змоу арзаҳалқәа аларҵар рылшоит Ареспубликатә центр ашҟа ҳазну амза аҽеиҩшамҭа инаркны.
Дарбанызаалак агәазыҳәара змоу ихы алаирхәыр илшоит, амала ацәыргақәҵа –ҭира ихадоу аҷыдарақәа иреиуоуп, уахь инагахо иарбан аалыҵзаалак ихымԥадатәны инапылаҟаҵазар ахьакәу ҳәа азгәалҭеит лыҿцәажәарақәа руак аҟны жәлар рырҿиара Ареспубликатә центр аиҳабы Елизавета Гучмазова.

Ахра Анқәаб

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me