Ашәа узысҳәоит, Аԥсынра

Иуль мза 10 рзы И. Е. Кортуа ихьӡ зху  Жәлар рырҿиара Ацентр аҟазаратә зал аҟны имҩаԥысит ашәа аԥҵаҩцәа-анагӡҩцәа XI –тәи Жәларбжьаратәи рфестивль «Ашәа узысҳәоит Аԥсынра», уи 2010 шықәса раахыс имҩаԥысуеит.

Асахьаркыратә рҿиара ажанрқәа иреиуоу автортә ашәа аӡыргара ауп хықәкы хадас иамоу.

 Афестиваль иалагаанӡа минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит, изныкымкәа уи зхы алазырхәхьаз ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз Генади Дбари, Виачеслав Храмыхи. Дара ргәаларшәара иазкхеит сынтәатәи афестивальгьы.

Алахәылацәа дарбанызаалак ирымоуп рхатә занааҭ, аха аамҭа азырыԥшаауеит ашәаҳәарагьы идырӷьарц рыхәрақәа, ирхәыцуеит рхатә ашәақәа, мамзаргьы инаргыӡоит еиуеиԥшым ашәаԥҵаҩцәа инарыгӡахьоугьы. Афестиваль алахәылацәа алшара роуеит араҟа доусы рырҿиаратә лшарақәа раарԥшра, уи жәаҳәарада, еиуеиԥшым ажәларқәа реизааигәахара, реилибакаара алнаршоит.

Насыԥуп автортә ашәа хыԥхьаӡара рацәала азыӡырыҩцәа ахьаднаԥхьало. Ас еиԥш иҟоу афестивальқәа – Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи рзыҳәан, рыԥсшьараамҭа ахгаразы зеиӷьыҟам усмҩаԥгатәны иҟоуп.

Илана Ԥачлиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me