Ицәырызгарц исҭаху азҵаара сгәы иҵхоижьҭеи акрааҵуеит. Зегьы раҧхьаӡа иргыланы журналистк лаҳасаб ала акәымкәа, ҩыџьа ахшара зааӡо анык лаҳасабала. Иахьатәи аҭаацәа проблема хаданы раҧхьа иқәгылоу акакәны иҟалеит агадџьетқәа ахәыҷқәа раҧыргара. Аха ари апроблема инавагыланы ицәырҵуа акакәны иҟоуп иахьа аҿар рыҩнуҵҟа ахархәара рацәаны изауыз аелектронтә ҭаҭын ахара. Аҿар рымацара ракәӡам, даараӡа рхыҧхьаӡара рацәаҩуп ахәыҷқәагьы.
Лаша Ашәба апалата аусзуҩцәа, иара анаԥҵаз инаркны напхгаҩыс ирымаз хаҭала Роберт Аршба иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаԥгоу аусуразы: «Иахьатәи ахҭыс акраҵанакуеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәаҭаратә палата анапхгаҩы ҿыц дышәҳардыруеит. Аха уи аԥхьа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Роберт Аршба иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп имҩаԥигаз аусуразы.

Ҳҵеицәа ргәымшәара

05 Лаҵара 2023 10:39
Аҧсуаа ҳџьынџьтәылатә еиба­шьраҿы аҵеицәа гәымшәақәа азгылеит Река ақыҭангьы. Рекаа рыҷкәынцәа аибашьцәа рыӡбахә анаҳҳәо, еснагь ҳгәала­шәараҿы дыҟазаауеит Аҧсны ахьчаразы фырхаҵарыла иҭахаз, 23 шықәса зхыҵуаз Роман Шьаҭикәа-иҧа Кәартаа. Роман август 14 аҽны абџьар шьҭызхыз дыруаӡәкын, уи иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи амш аҽнынӡа деибашьуан. Аибашьратә ҧышәагьы иман, избанзар 18 шықәса анихыҵуазгьы Афганисҭантәи аибашьрагьы далахәын, убри араҟа иҧсадгьыл гәакьаҿы аибашьра амца анакы иҩызцәа рҿы иаҳагьы агәрагара…
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла иҟаз ахынҭаҩынҭарақәа ареспублика апрезидент Гамсахәрдиа иахҳәарахьы икылыргеит. Уи ашьҭахь иаҧҵаз Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ахантәаҩыс Шеварднаӡе днеит, уажәы Қырҭтәыла ахадас дыҟоуп. Уи амчрахь даннеи нахыс итәыла, ақырҭуа жәлар бзиарак ахь икылигап ҳәа сгәы иаанагон. Аха аҭынчра ацымхәрас – ари «адемократ» еибашьрала иҭыҧ ахь дышнеиз еиҧш, иҽанышьақәирҕәҕәа Аҧсны аибашьра далагеит. Ҳажәлар ашьаарҵәыра илаиргылоит, ааха ижәларгьы бзиарак димырбеит, зықьҩыла рҵеицәа…
 – Абас иҳәон еснагь иҩызцәа рҿаҧхьа, аибашьра ианалага раҧхьатәи амшқәа инадыркны забџьар шьҭыхны ҳаҕа хәымга иҿагылаз Хәаҧтәи арҧыс гәымшәа Хьерсон Иаҭма-иҧа Анқәаб. Хьерсон (Мазик ҳәа хьыӡшьаран иарҳәон) Қырҭтәыла аҳәынҭсовет ампыҵахаларатә архәҭақәа Аҧсны ианақәла уи аснаиперцәа ргәыҧ далалеит. Ишырҳәо еиҧш икылкааны ихысуаз, зхымҭа камшәоз иакәын иара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me