Сергеи Уасил-иԥа Чакветаӡе диит ажьырныҳәамза 1, 1936 шықәсазы Аԥснытәи АССР, Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан. Дрылгеит Оҭҳаратәи абжьаратәи ашкол (1955ш.), А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы изанааҭ ала.
1960 шықәса инаркны — Гагра араион Ганҭиадтәи ашкол-интернат аҿы арҵаҩы-ааӡаҩыс аус иуан. 1960–1963 шш. Асовет Ар рҿы иуалԥшьа наигӡон.
Аррашьҭахь Гәдоуҭа араион Калдахәаратәи ашкол-интернат аҿы ирҵаҩратә усура иациҵеит. Абҵарамза 1963 шықәса инаркны 1968 шықәсанӡа — асоциалисттә мазара аимҵәара аҿагылара Гәдоуҭатәи араионтә ҟәша (ОБХСС) аҟны аоперативтә зинмчы змоу аусзуҩ еиҳабыс аус иуан. 1968 - 1988 шш. — Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла аҳәынҭқарратә шәарҭадара Акомитет аусбарҭақәа рҿы аоперативтәи анапхгараҭаратәи амаҵуратә ҭыԥқәа ныҟәигон, аподполковник ичын иман. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Қарҭ, Киев, Ташкент ақалақьқәа рҿы аҷыдалкаатә школқәа рҿы аҵара иҵон. 1988-1990 шш. — Гәдоуҭа араион атуризм абиуро адиректорс аус иуан.
1990-1991 шш. — Асовет Еидгыла Акоммунисттә партиа Гәдоуҭатәи араионтә комитет аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩыс аус иуан. Нанҳәамза, 1991 шықәса инаркны цәыббрамза, 1998 шықәсанӡа — Гәдоуҭа араион Ахадара асоциалтә хьчара аҟәша анапхгаҩыс дыҟан. 2000–2005 шш. — Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Гәдоуҭатәи араионтә ҟәша аиҳабыс дыҟан.
2005 - 2007 шш. – Гәдоуҭа араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс аус иуан.
2007 – 2021 шш. — агазеҭ «Аԥсны» Гәдоуҭа араион аҟны ахатәы коррепондентс аус иуан, иара убас абыргцәа Рхеилак ахантәаҩыси Гәдоуҭа араион аибашьра, аџьа, арбџьармчқәа рветеранцәа Рхеилак ахантәаҩыси Аԥсны Акоммунисттә партиа Гәдоуҭа араионтә ҟәша анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыси аус иуан.
* * *
Агазеҭ «Аԥсны» анапхгареи аусзуҩцәеи гәалсра дула ирыдашшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз, акыр шықәса агазеҭ «Аԥсны» ахатә корреспондентс аус зуаз Сергеи Уасил-иԥа Чакветаӡе иҭаацәа, игәакьацәа, иҭынхацәа.