Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажьира зыԥсыршьагахаз

Культурала аԥсуаа даара ибеиоуп. Зхатәы ҳәызба змоу ажәларқәа маҷуп. Аԥсуа ҳәызба анцәырҵ аахыс зформа змыԥсахыц акоуп. Иахьа уи аҟаҵараҿы еиуеиԥшым аматериалқәа рхы иадырхәозаргьы, аҳәызба аҿы аформа ажәытәра иалиааны уажәраанӡа иаауеит. Ажьирҭа «Абраскьыл» аҿы иҟарҵо аҳәызбақәа уи рныԥшуеит. Аԥсуа цәа рхоуп.

Даҭо Гьергьедаа диит Ԥақәашь ақыҭан. Иара аҭыԥантәи ашкол даналга ашьҭахь дҭалоит Аҟәатәи Иаарту аинститут аҳазалхра азанааҭ ала. Уи даналга иҵара иациҵеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы апсихолог изанааҭ ала. Абџьар аҟаҵара далагеит хәышықәса раԥхьа.

Даҭо аҳазалхратә еилакы аҿы аус иуеит абар шьҭа жәаа шықәса, аамҭала Давид Џьапуа исоциалтә даҟьаҿы иибаз аинтерес изцәырнагеит. «Ахааныз ажьираҿы сымнеицызт, аха гәаԥхарак соуит», - иҳәоит Даҭо уи аамҭа игәаларшәо. «Акыр аамҭа  снеиуан дара рахь, изҿыз сахәаԥшуан, нас ас уабанӡаныҟәалои рҳәан аҳәызба аҿы сырҭеит. Ахәы ҟаҵаны, аҭра ӡахны еибысҭеит. Абас хәыҷы-хәыҷла саланагалеит. Иахьа уажәраанӡагьы абра сыҟоуп», - еиҭеиҳәоит Даҭо.

Иара 2021 шықәса рзы Аԥсны-парк аҿы имҩаԥысуаз ажьицәа рфестиваль далахәынАри ажьицәа еидызкылаз раԥхьатәи афестиваль акәхеит. Уаҟа хымш рыла дамассктәи аџыр иалхны Ахра Аҳәбеи иареи аԥсуа ҳәызба ҟарҵеит. 

Аԥсуа ҳәызба аҭоурых ду амоуп. Ҳабдуцәа урҭ рабдуцәа еснагь иныҟәыргон ҳәызба хәыҷык, абзазараҿы рхы иадырхәоз. Иахьагьы усоуп.

Урҭ шамахамзар дамассктәи аџыр иалырхуан. Аус адызулоз ажьицәа зҟазара ҳаракӡоу ҳәа иԥхьаӡан, аҟаҵашьагьы маӡан. Дамассктәи аџыр иалхыз абџьар даҽакы иалаҩашьомызт, анҵыра бзиа аман.

Аԥсуа ҳәызба акәзар, ахатә ҷыдарала еиҿкаан. Аҿы аура жәаха-ҩажәи хәба сантиметр инаӡоит, ахәы жәа-сантиметрак рҟынӡа. Ахәы гьежьуп, аха аганқәа хәыҷык еидҟьаԥслоуп. Арҭ ашәагазагақәа рыҽҭарыгӡоит иахьагьы ажьицәа.

Аԥсуаа аҳәызба ныҟәыргоит арымарахьтәи аган ала, иара еснагь аҭра иҭан. Иҭыргоит ҩ-напыкала икны. Ахәы ахаҿы иамоуп амацәаз, асахҭан иалху абз ахьарҭо, иара уи алоуп аҳәызба аҭра ишҭыргогьы. Аҳәызба аҭра ишабалак иҟарҵаӡомызт. Ааҷа шкәакәала ирҩычон. Иахьагьы «Абраскьыл» аҟазарҭаҿы уи аԥҟара иқәныҟәоит. Аҭра ахаҭа ишаԥу еиԥш сахҭан еиқәала ирӡахуан. Ааҷа - аџьма ацәа рҩаны, акьыр иӡаарҵоит, анаҩс ахәы аамхны ашәшьыраҿы икыдырҵоит. Ианҩалак, ипаны ихырыссоит. Ааҷала инагӡоу асахьа аҵак ҷыда амоуп. Избанзар, ажәытә сахьақәа зегьы рҿы иеиқәшәоит жә-рӷазсҭак, аха избан жәба зыҟарҵоз, аҭак нагӡаны иҭҵаам макьана.

Аԥсуа ҳәызба аҟаҵашьа далацәажәо Даҭо иҳәеит, иахьагьы рхы ишадырхәо дамассктәи аџьыр. Аханатә аџьыр рҭәаны иржьиуеит, анаҩс аиха акырынтә еиҿыбааны еиқәырҵоит. Аҿы анеиҵырхлак ацәа ахырхуеит, анаҩс ирӡрыжәуеит, уи ашьҭахь еиҭа ацәа ахыхны иаҳа игәӡоу бӷьыцла идрыцқьоит. Анаҩс аҳәызба аҿы аҵәҵәыра иӡаарҵоит. Уаҟа аихақәа еилалоит, абасала аҿы ианылоит иҷыдоу асахьақәа.

Даҭо иусумҭақәа ируакуп Иури Воронов Ҵабал имҩаԥигоз археологиатә усурақәа раан ииԥшааз ахсаала ахархәарала иҟаиҵаз аҳәызба. Уи асахьа изҭихит Баҭал Џьапуа. Иара аԥсуа еибашьыгатә ҳәызбоуп.  Убасгьы Даҭо инапы иҵихит Баҭал Џьапуа иӡыригаз, ажәытә аԥсуа еибашьҩы иҟәныз абџьар зегьы. Иахьа уи аетно-парк аҿы ицәыргақәҵоуп.

Даҭо Гьергьедаа аҳәызба аҟаҵараҿы аетапқәа зегьы дырхысуеит. Аҳәызба  уимоу, аҭра злыихуа асахҭангьы инапала иазирхиоит.

Урыстәыла имҩаԥысуаз абџьарҟаҵаҩцәа реиԥылараҿы Даҭо дџьаршьон, избанзар абжьааԥны аҟаза аҳәызба аҟаҵараҿы уск ауп ихахьы ииго. Даҭо иакәзар, аҳәызба ахы инаркны аҵыхәанӡа аус адиулоит аетапқәа зегьы дырхысуеит аҿы, ахәы, аҭра, уи злихуа асахҭангьы инапала иазирхиоит.

Аԥсуа ҳәызба аҿы аиха иалырхуазар, ахәы аҟаҵараҿы жәытәла рхы иадырхәон акакан агәаԥшь, адац, аб, аџьма, акамбашь ртәыҩақәа, аԥстәқәа рыбаҩ, еиҳа иӷәӷәоу ахәҭақәа. Иара убас аҟазацәа аус рыдырулоит, амҿы, лассы-лассы ахархәараҿы иуԥымло амаҭәахәқәа, асланбыҭә, даҽакала амамонт ҳәа изышьҭоу ахаԥыц уҳәа реиԥш иҟоу. Даҭо иазгәеиҭеит аҳәызбақәа злырхәуа амаҭәахәқәа еиҳарак атәыла анҭыҵынтә ишаарго. Аҟазарҭаҿы еиқәҵаны ирымоуп африкатәи аҵла еиқәаҵәа ахсаҟәқәа.

 «Абра санааилак сыԥсы сшьоит. Аҟазарҭаҿы атмосфера даҽакуп. Ажьира ҳара ҳҿы жәытәнатә аахыс аҵакы змаз усуп. Угәы-уԥсы цқьаны унеиуазароуп», - иҳәоит аҟаза.

Еиҳарак аҳәызбақәа аархәоит аҳәынҭқарра анапхгара рҟынтә, ҳамҭас асас дахьцәа ирырҭарц, иҟоуп абиԥарақәа еимырдо ихьышьҭрамырӡгоу ак еиԥш ианҿарҵогьы. Аҟазараҭа «Абраскьыл» аусумҭақәа цахьеит Шьамтәыла, Мысра, Финлиандиа, еиҳарак Урыстәыла. Даҭо иусумҭақәа рахьынтә иҟоуп ҳәызбақәак атәыла анҭыҵ имцандаз, аҩныҵҟа иаанхандаз ҳәа ззиҳәо, аха иага ус иҟазаргьы «аҳәызбақәа ирыбзоураны Аԥсны аӡбахә раҳауеит, ирдыруеит», иҳәоит иара иус дазыгәдуны.

Даҭо аҳәызбақәа рыдагьы аԥсуа маҟақәа ҟаиҵоит. Ацәа аус адулашьа ахьидыруа аҟынтә, уигьы ахы инаркны аҵыхәанӡа еибиҭоит. Еиҳарак излихуа ажә ацәоуп, еиҳа итатоуп аҟынтә. Аҟәынақәа араӡны иалхуп, ирну асахьақәа амузеиқәа рҿы иҵәаху ажәытә маҟақәа рҟынтә иаагоуп, урҭ ирашьашәалоуп.

Уажәы ажьицәа аиааит агәыҳалалратә фонд «Амшра» аҟынтә агрант. Аҟәа Алашарбага аҳаблаҿы ажьирҭа аҟаҵара иаҿуп, афондқәа «Ашанеи» «Кьарази» хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа ажьира ддырҵарцаз. Даара ирацәаҩуп иадҵаало, избарц зҭаху, - ҳәа азгәеиҭеит Даҭо. 

Шьашәы Алыԥхаа рыцзааит иԥшьоу аус еиҵагыло абиԥарақәа ирымаздарц зыгәҭаку аҟазацәа! 


Альбина Ажьиба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me