Сентиабр 8 азы Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧснытәи аделегациа иалоуи ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы рықәызҵаз Ҟарачы-Черқьестәыла аҟнытәи хатәгәаҧхарала аибашьцәа рбаҟаҿы.

Мусса Екзеков иҧылара

16 Цәыббра 2022 08:03
Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликахь иныҟәара аан Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзеков, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.
Сынтәатәи аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы Аҧсны аҩнуҵҟа ахәыҷқәа рыдкылара иазхианы иаатит 153 школ. Урҭ рахьынтәи 60 – қалақьтә школқәоуп. Уаҟа аҵара рҵоит 17 нызқьи 66-ҩык ахәыҷқәа. Ақыҭа школқәа ыҟоуп – 113. Уаҟа аҵара рҵоит 11 нызқьи 56-ҩык аҵаҩцәа. Аҧсны аҩнуҵҟа иҟоуп аҧсуа школқәа 60, аурыс – 52, аурыс-аҧсуа школқәа – 16. Иара убасгьы, 25 аерман школқәа. Ахәыҷбаҳчақәа ракәзар – 39, аколлеџьқәа…
Ҳаҭыр зқәу Рашид Бориспи-иҧа, ҳҭыр зқәу ара иҟоу, Шәареи Ҟарачы-Черқьестәыла милҭрацәла еилоу ажәлари ишәыдсныҳәалоит шәреспублика 100 шықәса ахыҵра. Агәахәара снаҭоит шәыгәҭа сахьыҟоу. 1922 шықәса ианвар 12 ашьха ҧагьақәа, ицқьоу, икеикеиуа аӡиасқәа, аӡҭачқәа, ихәышәтәыгоу аӡырҧхақәа рыла ибеиоу Нхыҵ-Кавказ арегион ҧшӡақәа руак алахьынҵаҿы акырӡа зҵазкуа рыцхәуп.

Ҩынтәны атәылауаҩразы

16 Цәыббра 2022 07:57
Урыстәыла Аҧсны аҟны анапы аҵанаҩуеит ҩынтәны атәылауаҩра азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы аиқәшаҳаҭра. Изыхәҭоу адҵа шьақәирҕәҕәеит Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин. Уи кьыҧхьын ахәашаҽны азинтә информациа аофициалтә портал аҟны, – иаанацҳауеит ТАСС.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me