Лыхнашҭа. Ижәытәӡоу, иссирӡоу, еснагь иҿоу, ҳаҧсадгьыл агәеисырҭа, ҳгәацаҧха! Аҧсуа дзырҿыхо, дзырхәыцуа, аҭоурых ӡыблара далызго, ашҭа-ҧшьахь ҳхьазырҧшуа! Ашҭа гәырҕьа-ччабжьыла иҭәуп. Асасцәа аднакылоит. Лыхнашҭа иахыҩуеит аҧсуа жәлар рфырхаҵаратә ашәақәа. Гәдоуҭа араион 20 қыҭа хазы-хазы рашҭақәа рҿы еиҿыркааит рхатәы, ақыҭақәа рҭоурых уазҳәо рцәыргақәҵақәа. Раҧхьаӡа акәны ақалақь Афон Ҿыц ахатә ҭыҧ аман, ибзиангьы. Аҧсуаа рынхарҭақәа рҿы ажьи иҟаҵамҭақәа иалкааз аҭыҧ шрымаз аарҧшын. Ажьи қәыҧш…
Жьҭаара 24 инаркны 28-нӡа Аҧсны ашколқәа зегьы рҟны имҩаҧыргоит, шьҭа итрадицианы ишьақәгылаз "Аҧсуа бызшәа амчыбжь". Аҧсуа бызшәа аӡыргара хықәкыс измоу аусмҩаҧгатә еснагь азҿлымҳара бзиа амоуп. Уи инамаданы хаҭала Аҟәа ақалақь иаҵанакуа ашколқәа рҟны "Аҧсуа бызшәа амчыбжь" шымҩаҧысуаз аилкаараз, ҳара ҳлыҿцәажәеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аҧсуа бызшәеи алитературеи рспециалист хада Нонна Ломиа-ҧҳа.

Аамҭақәа реигәныҩра

04 Абҵара 2022 11:35
Ҳазҭагылоу аамҭа, еснагь еиҧш, маҿа-маҿа еилоуп, аҧсҭазаара аҵла зықәгылоу адгьыл адац-ҧашә аларсуп, аҧсабара анарха иацнаҵоит, иарҕәҕәоит. Дгьыли жәҩани шаҳаҭс измоу аҧсҭазаара аҵла ҧсыс иахоуп, ашықәс аамҭақәа ирыцуп: зны аиаҵәара иҭалаҳауп, ҽазны амахәҭақәа ирҿассы ирҿоу абҕьқәа ҩеижьхоит, ишнеи-шнеиуа иҿышәшәоит, адгьыл иазцоит. Аҵла амахәҭақәа хахаӡа иаанхозаргьы, ргәыҕра дырӡуам, аамҭақәак рышьҭахь, ҩаҧхьа рпытҟәырқәа ылыргоит, абҕьқәа рҿалоит, еиҧынчыла ирызҳауеит. Абас, џьашьахәшәа, аамҭеикәшара иацуп, иузеиҟәымҭхогьы…

Агәалашәара баҟоуп

04 Абҵара 2022 11:34
Октиабр 30 рзы аинтеллигенциа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа, адин амаҵзуҩцәа уҳәа жәпаҩык харада ахара рыдҵаны идырӡыз ргәаладыршәеит Кәыдры аӡиас иху ацҳа ааигәара. " Аиҳабыратә абиҧарақәа ирдыруеит арепрессиақәа закәу. Иаҳҭахуп аҿаргьы арҭ аамҭақәа ртәы рдыруазарц, харада ахара рыдҵаны идырӡыз ҳажәлар иреиҕьыз рхаҭарнакцәа ргәаладыршәаларц. Кәыдры аӡиас аҧшаҳәаҿы ауаа кыдҵан иршьуан. Ажәала еиҭаҳәашьа амаӡам ари ахҭыс. Иршьыз ауаа рҭахцәа ирзеилмыргарц азы акьыр рықәҭәаны ирбылуан. Уа…
2022 ш., октиабр 27. Аҧсныпресс. Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба ихантәаҩрала имҩаҧысит Жәлар Реизара изаамҭану ҭагалантәи аилатәара. Жәлар Реизара аҟны ирыхәаҧшит, аҵыхәтәантәи аҧхьараан ирыдыркылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа рпроектқәа: "2022 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы", Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы". Арҭ азҵаатәқәа рыдигалеит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me