Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ааигәа ауаажәларратә палатаҿы имҩаҧысит ацитрустә сезон иазкны ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбаразы аилатәара

 

Ааигәа ауаажәларратә палатаҿы имҩаҧысит ацитрустә сезон иазкны ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбаразы аилатәара. Амш хәаҧштә аҿы иқәгылан хы-зҵаарак.Актәи: Иахьатәи ҳаамҭазы  ацитрустә аарыхра 30 нызқь тонн иреиҳахо,мамзаргьы еиҳа имаҷхо?

 Аҩбатәи:Ацитрустә аалыхра аҭиразы ицәырҵуа апроблемақәа, иара убас Ҧсоу аҳәаа ахгаразы аҧгаҧса зеиҧшроу? Абарҭ азҵаарақәа инарҭбаан ирылацәажәарц исасцәаны ауаажәларратә палатахь имҩахыҵит Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуеи Аҧсны аҳазалхратә еилакы аиҳабы Оҭар  Хьециеи.

Ауаажәларратә палата алахәыла Витали Смыр иҳәеит, ас еиҧш иҟоу аилатәара зымҩаҧырго, иҳаҩсыз ашықәс азы, анхацәа ирымаз ацитрустә аалыҵ акгьы рзалымхкәа иахьыҧхасҭахаз азы шакәу. «Сынтәагьы убри аҩыза рмыхьырц, аусурақәа ахьынӡамҩаҧгоу атәы еилаҳкаарц ҳалацәажәарц ауп ҳзеизаз», – иҳәеит уи.

Анаҩс ажәахә ҟаиҵеит ауаажәларратә палата ахантәаҩы аекономика арҿиареи анаплакра ацхыраара азҭои Дауҭ Агрба. «Зегь раҧхьа игылоу анхаҩы ицитрустә аалыхра аҭыҧ изықәымҵо изымҭиуа, уи злаихәышәтәыз ахәшә иахҭниҵаз ахарџьгьы ҭнамго дахьыҟалаз ауп. Ҵыҧх Аҧсны ахы-аҵыхәа зегьы ацитрустә аалыхра аҽаҩра бзиан, аха зегьы ишырдыруа еиҧш, аахәаҩ дҟамлеит. Сынтәа анхаҩы итауар аҭиразы аусмҩаҧгатәқәа ахьынӡанеихьо ҳдырырц ҳҭахын», – иҳәеит уи.

Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа иҭабуп ҳәа реиҳәеит ааҧхьара ахьирҭаз азы. Иазгәеиҭеит ацитрустә аарыхразы ицәырҵуа апроблемақәа. Ацитрустә сезон иалагаанӡа мызқәак шагу, аилацәажәара мҩаҧыргоит аҳазалхратә усзуҩцәеи дареи. Иазҿлымҳауп еснагь анхаҩы иаарыхра ибзианы иҭиирц.

Ақыҭанхамҩа аминистр дазааҭгылеит сынтәа ироураны иҟоу ацитрустә аарыхра 30 нызқь тонн рҟынӡа шазҧхьагәаҭоу. Раионцыҧхьаӡа ирылсны араион ахадацәеи ақыҭақәа рхадацәеи иразҵааны ишьақәдыргылаз ауп ари ахыԥхьаӡара.«Анкьа ашәахтә шәарақәа рзы анхацәа шаҟа ҭаргалоз аарыхра ахыҧхьаӡара рҳәомызт, аха иахьатәи ҳаамҭазы анхаҩы ихы дақәиҭуп идгьыл ақәаарыхра шәахтәда. Убри азы иоуа аарыхра ахыҧхьаӡарагьы иӡаӡом», – иҳәеит уи. Иазгәеиҭеит, абар хы-шықәса инеиҧынкыланы ақыҭанхамҩа арҿиаразы апрограмма аус адулара ишаҿу. Апрограммаҿы иҟоуп ақыҭанхамҩазы еиуеиҧшым ахимикатқәа, ахәаҷа-маҷақәа рышьразы ахәшәқәа. Убри иазоужьуп есы-шықәса 10 миллионк аҧара. Уи зегьы иақәхарџьхоит хыхь еиқәыҧхьаӡоу ахимикатқәа раахәара. Беслан Џьапуа дазааҭгылеит хаҭала ацитрустә аарыхразы ишаахәаз ахәшәқәа, урҭ зегьы раионцыҧхьаӡа ахадацәа хәыда-ҧсада ирыҭан.

 Аамҭа иахьӡаны ахәышәтәра зылзыршаз, раарыхра бзиоуп. Изымхәышәтәыцгьы ацхыраара рырҭоит ахәшәқәа рыла ирхәышәтәырц. Иазгәеиҭеит, даҽа зҵааракгьы, дара рыла ишшьақәыргылам ацитрустә аарыхра ахә ақәҵара.Иахьатәи ҳаамҭазы маҷк еиҕьхеит ахә,аха ақыҭақәа урылсыр иубартә иҟоуп даара ишмаҷу  зхаҭабзиара  бзиоу атауар. Аха егьа ус иҟазаргьы анхаҩцәа рцитрустә аарыхра ирҭииртә, мамзаргьы аҳәаа иахыргартә аҭагылазаашьа рзаҧҵоуп. Сынтәа заа иҟало ацитрустә аарыхра аҳәаа  иахгоуп 4 нызқьи 500 тонн рҟынӡа. Уи ҵыҧх аасҭа 1500 нызқь тонн рыла еиҳауп. Дазааҭгылеит иара убас, иҟоу ацитрустә плантациақәа  еиҭаҳау аҵлақәа шажәыз, урҭ уажәшьҭа аус адулара ишаҧсам. Урҭ рҭыҧан ишеиҭаҳатәу аҿыцқәа. Мамзаргьы ашәҟәы иахьҭаҩу закәанла даҽа категориак ахь ииаганы, дазусҭазаалакгьы анхаҩы азин иҭаразы адгьыл ақәаарыхразы. Иҳәеит аҳәынҭқарратә плантациақәа хҧа арендала ишыҟоу Гәылрыҧшьтәи,Тҟәарчалтәи, Галтәи арионқәа рҟны. Урҭ арендаҿы иҟоу зегьы аплантациақәа згаз рхарџь ала аус адырулоит,ирхәышәтәуеит.

Анаҩс, ауаажәларратә палата алахәыла Витали Смыр иҳәеит,категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь аиагара дшақәшаҳаҭым,аха даҽа хырхарҭак аҭаны ииагазар, еиҳа ишеиҕьыз. Иара игәаанагарала Афон-Ҿыци Гагра араиони рҟны ацитрустә аарыхразы адгьыл шанымаало. Анкьа Асовет аамҭазы еиҭаҳан, напы адкылан,аха усҟантәи аамҭазы хәда-ҧсада иааргон аторфи еиуеиҧшым аминералтә рҵәырақәеи. Урҭ аҭыҧқәа рҿы адгьыл анализ азырухьеит, уаҟа адгьыл ианаалаӡом. Ус еиҧш иҟоу аҭыҧқәа рҿы аҧсшьарҭатә ҩнқәа ргылазар еиҳа аҳәынҭқарразы алҵшәа аиуеит, ҳәа азгәеиҭеит уи.

Дазааҭгылеит иара убас Аӡҩбжьа ақыҭаҿы идыргылараны ишыҟоу азауад маҷ. Уи иалшоит 25 тонна инарзынаҧшуа аҭыҧантәи аалыҵ аус адулара. Иара убас уаҟа иҭрыжьлоит  аҧсыӡқәеи аҧстәқәеи изларааӡо рхәы. Ақыҭанхамҩа аминистр иҳәеит, даара хәарҭара шамоу ас еиҧш иҟоу азауад маҷ аартра, ақыҭаҿы инхо ауааҧсыра алшара роуеит рқыҭатә аалыҵқәа рааигәа алаҵара.

Анаҩс ажәа иман аҳазалхратә еилакы аиҳабы Оҭар Хьециа. Уи иҳәеит ацитрустә сезон иалагаанӡа аҳазалхратә усзуҩцәеи иареи аилацәажәарақәа шымҩаҧырго. Ицәырҵуа азҵаарақәа зны-зынла аимак-аиҿак анацлалогьы шыҟало,аха гәаанагарак ахь ишцәырҵуа. Сынтәа ацитрустә аарыхра аҳәаа ахгаразы,имҩаҧыргаз аилацәажәарақәа ирыбзоураны, цхыраагӡа ҳасабла иаартхоит даҽа ҧшь-цәаҳәак. Хыхь ишазааҭгылаз еиҧш,иаргьы иазгәеиҭеит сынтәа 4 нызқьи 671 тонн заа иҟало ацитрустә аарыхрақәа аҳәаа ишахгаз. Ҵыҧх аасҭа 1500 тонн ала еиҳаны. Иҳәеит ацитрустә аарыхра ахә шьақәзыргыло анхаҩы ихарџь гәаҭаны Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара шакәу. Сынтәа уи ахә шьақәырҕәҕәан – 24 мааҭ ҳәа. Аха аҳәаа ахгаразы иаҭахәуп еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә еилазаарақәа рҟынтәи ашәҟәқәа. Урҭ ашәҟәқәа рыхә ахарџь иартәоит 2 мааҭки 73 капеи. Анаҩс атранспорттә харџьқәа ҳәа хазны ицо 9-10 мааҭ ацлоит. Абарҭ зегьы еизакны иугозар 38 мааҭ иартәоит аҳәаа ахгаразы.

Сааҭк инеиҳаны ицоз аилатәараҿы агәынамӡарақәа змаз ргәаанагарақәа рҳәартә еиҧш аҭагылазаашьа рыман. Азҵаарақәа змаз зегьы рызҵаарақәа аҭак ҟаҵан.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me