Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Хашҭра зқәым агәалашәара амшқәа

Амца, аҭакар, иаалырҟьаны Аԥсны ианацрала,  ҳажәлар еиланаргьежьит. Рхы-ргәы ҵнаблааит. Аха ршьамхы рыҵамҟәалеит. Арма-ӷьырмала акәымкәа, еидгылан.

Нанҳәамза 14, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рҭоурых ахсаала ианыҵраны иҟам. Даара рҳәара уадаҩуп лаӷырӡыла икәабоу ҳҭоурых мшқәа ргәалашәара.

Рҽеидкыланы, абџьар кра зылшози-излымшози ҳәсеи хацәеи џьара ҳхәарҭахап ҳәа еихеит.

Меижьарада, сара араҟа сашьцәа хҩык нырцәи-аарцәи иахьрыхәҭаз рҩызцәа иаарывагылт, рыҷкәынцәеи дареи рҽеиҩшаны.

Ҳәарада, сара амедеҳәшьара азанааҭ ала адырра, аԥышәа ахьсымаз исылшон рывагылара. Аха, сашьцәа руаӡәк, Тариал дахьгылаз агәыԥ аихысырҭаҿы саннеи иҳәеит: иҟалоит ара баҭаххар, уи зиҳәаз дара «ҳаӷацәа» рбызшәақәа еиуеиԥшым диалектла иахьыздыруаз ауп.

Саргьы сыҷкәын иаб (ашәаныуа), ҳаидгыланы ана-ара иҟоу ҳаҷкәынцәа иалаханы иҟоуп ҳәа ахьсаҳауаз, изласылшоз ала сырхаҵгылон. Ари такә аамҭа имцеит. Ақырҭуа напхгаҩцәа исыԥхьаны гәыбӷан сырҭон, ашәаныуа ҭаацәара снапы зларылакыз ала уи иабзоураны кьыс сырҭомызт. Аха уи хара изымцеит, хынтә фҩык ахацәа срыцҭакын. Сымаҳә Гогәуа Д. схәыҷы иаб Нигәуриани Ф. ҳаицынкыланы хәба-фба сааҭ аамҭалатәи аанкыларҭаҿы ҳнаргахьан уи ала ҳахьдырхәырц ана-ара инханы иҟаз ҳаԥсуаа ацхыраара ахьраҳҭоз азы. Уахь иадыԥхьаӡалан Агрба В., Саӡба В. уҳәа имаҷымкәа. Иахьеиԥш исгәалашәоит, ирыцҳахәха ажәбатәи аихагылақәа (Аҳабла ҿыц) рыҵаҟа ападвал иахьыҵатәаз.

Меижьарада, усҟан напхгара зуаз, ҳцәымӷра ҳарамрыла аханатә зхы-зҿы ианыԥшуаз Ҭ. Надареишвили сшьаҿақәа реихгара атәы илымҳа аҟынӡа ианнеи, агвардеиццәа сзааишьҭит, иара ишҟа амашьына сҭартәаны сыргарц.

Аха, усҟан сара схала сакәмызт ацхыраара, изласылшоз ала знапы алакыз, сымаҳә «Кәтолтәи» Гогәуа Џь. арахьынтәи Гәдоуҭаҟа аԥсуаа рфырхаҵара, ралгара инапы алакын. Уи ибзиаӡаны идыруеит аус зциуаз Бесик Кобахиа.

Угәы унархьуеит, ҳәарада, џьара иӡбахә ахьазгәарымҭац. Ибзоурала ирылдыршаз ахә даара иҳаракны иушьартә иҟоуп. Ауалԥшьа анагӡараҿы еилкаауп, ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы ҩы-мцакы рыбжьагылара, еизеиԥшны аихаҵгылара угәы иҭымҵәароуп…

Ажәакала, хыхь сыззааҭгылаз Ҭ. Надареишвили идҵа… аҭакс сымаҳә ихахьы игеит, сара (иан), хаҭала иара снеигарц.

Ажәакала, сахьнеиз, снаиртәан, «Много ходите госпожа Табагуа» - ҳәа ҿааиҭит. Аҭакс – «В чем заключается, господин Тамаз, мое хождение» - ҳәа азҵаара анисҭа, ицәыҵырҳәҳәаны сыхьӡи-сыжәлеи зныз аконверт аҿааирхоит… Ҳәарада, уи аԥхьара, саҭәасымшьо снагәҭасит, ари збоз ивагылаз иабџьар дуӡӡа иварҟәыланы «Телохранитель», «Как вы обращаетесь с господином Тамазом», - ҳәа ибжьы иргеит.

Ашә  иавагылаз сымаҳә Гогәуа ҷкәын, – Ишԥыкәу сан, хә-дипломк змоу ушԥалацәажәо ҳәа днаиҿаххит. Уи акәызма ихадараз, аха… идәылибаган, ԥыҭк еибырҳәеит.

Ари ахҭыс иаразнак сашьцәа рлымҳа аҟынӡа инеит Жьҭаарамза алагамҭаз.

Бшыбзиоу балҵ ҳәа адыррақәа сырҭо иалагеит. Уи акәхеит Гәдоуҭаҟа сцеит салҵны, сгәы иалоуп абџьар шьҭыхны амҩа ахьылсымхыз. Сымаҳә, Гогәуа Д. ихыдҵа анагӡара дацәхьамҵыкәа дшаҿыц даҿын аибашьра еилгаанӡа. Амала ахӡыргара, иҟам-ианым ала шьоукы ишырдыруа еиԥш, ихдырра иҵанаҳәом.

Ҳаԥсадгьыл знысыз аамҭа хьанҭақәа, исылшарызеи, иҟасҵарызеи, сабахәарҭахари ҳәа ҳабацәа, ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, иахьа уажәраанӡа еиқәханы иаҳзааргаз ҳаԥсуара аԥеиԥш ҳмырхәашьып.

Ҳхы мацара ҳазымхәыцып, ҳрызхәыцып  аҭынчра ҳзаазгаз, ихыбжа-ҿыбжаны аколиаска иантәалоу ҳашьцәа, ҳаҷкәынцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылаҩцәа! Шьала икәабоу ҳҭоурых ахсаала!

Сара сгәаанагарала, зегьы раԥхьаӡа, ҳауаажәлар иахьа ирцәыӡны иҟоу агәрагара ырхынҳәтәуп.

Ҳрызхәыцып,  Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз, Ҳџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала, милаҭеилымх абџьар кны иалагылаз Нхыҵ-Кавказтәи ажәларқәа.

Игәырӷьахәу ныҳәамшуп Цәыббрамза 30! Иахьатәи ҳиааира иабзоуроуп ҳаԥсадгьыл аԥсҭазаара зырцәажәо, аҿар ргәеисыбжь, амилаҭ еихазҳауа, ҳбызшәа, ҳҭоурых зырҿио. Шарԥыеҵәа кәалы-кәаџьо  адоуҳатә дунеи шарбеиоу еиԥш ауп, аҿара, агәыӷра, аԥеиԥш лаша, агәаҳәара, хәашьра злам анасыԥ ацәаныррақәа шыргәылыҳәҳәо.

Ргәы ҳмырԥшаап уаӷеимшхара иалагылаз аибашьра иацәынхаз, ан-аԥсадгьыл ашьыжь иамоу азҩыдарақәеи аԥшӡареи еиқәзырхаз. Еиҭасҳәоит,  ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа ргәыӷрақәа ҳмырԥхашьап!

Еиҭасҳәоит, хашҭшьа рымам, шьала икәабоу аҵла ашьапқәа рԥашәқәа агәыҵаҳәҳәо анышә зқәыԥсоу ҳаҷкәынцәа, ҳҵеицәа, ҳҭынчра зхы ақәызҵаз ҳашьцәа Нхыҵаа.

Хашҭра ақәымзароуп 1992-1993 шш. рзы ақырҭуа нацистцәа иаԥшьыргаз аибашьра хлымӡаах амш еиқәаҵәақәа!

Ҳаԥсадгьыл ашьаарҵәыра уахҭа иалызгаз ҳашьцәа, ҳаҷкәынцәа, адамра хыла иаҳмырсып! Ргәыӷрақәа ҳмырхәашьып аҭынчра зхы ақәызҵаз ҳарԥарцәа ранацәа, ԥшьҩык арԥарцәа Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз ран Ҭамара Езыгәба леиԥш иҟоу.

Ажәакала, архнышьнак еиҩызҵәо ҳажәларқәа, анык лкыкахш иахылҵыз шҳакәу дырны аҽеиҩшара ҳаҟәыҵны ҳаидгылап.

Аԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш ахьчаҩцәа – Аԥсадгьыли ажәлари рԥеиԥш аиӷьтәразы, «Ахымдыргәжьарақәа» ҳаарҟәаҵны асабрадақәа ҳҿаҳхып ҳәа агәыӷра сымоуп!

Зегьы ирыцку – Аидгылара! Аидгылара! Аидгылара!


С. А.Табаӷәуа 

Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аспирантура аҟәша аиҳабы, ААУ аԥсуа литература акафедра адоцент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me