Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны ахьчаҩцәа рдоуҳамч ҳацеиҩыршон

Аҧсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба еицырдыруа ицәаҳәақәа Адунеижә, цәгьа уеижьагоуп… ззикыз аибашьра акәӡамызт, зынӡа даҽакын, аха иҟоуп ажәақәак, цәаҳәақәак еснагь актуалра змоу, еснагь аамҭа иашьашәалоу.

Избан сыздыруам еилкааны, аха лассы- лассы арҭ ацәаҳәақәа сгәалашәалоит. Сара урҭ еснагь  аибашьра иадысҳәалоит. Џьоукы рзы  рдунеи  хзырбгалаз, рыҧсҭазаара шьаҭынкыла изыҧсахыз, ихзырҵәаз аибашьра, иҟалап  даҽа џьоукы рзы уаанӡа ирымаз аҧсҭазаара аасҭа еиҳа иҧсеивгагахаз ахь икылызгаз  акәхазар. Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ҳтәыла аҭоурых наунагӡа ианымҵуа ашьҭра аннаҵеит, ирнырит аҧсҭазаара аганқәа зегьы, ауаа рыхдырра аҧсахит. Иахьагьы аибашьра архив ҳанеиҭахәаҧшуа  ҳалаҕырӡқәа хаҟәҟәалоит, иахьагьы иаҳзыџьашьатәуп  Аҧсны ахьчаҩцәа рхымшаҭара. Архив  аҟны иҟоуп  аибашьцәа аҵыхәтәантәи рыҿцәажәарақәа рацәаны. Урҭ иззықәҧоз Аиааира иахьымӡаӡеит, аха рхы зқәырҵоз ҳамоуп иахьа. Дара ҭахеит фырхаҵарыла, рыҧсадгьыл азы хымшаҭара аарҧшны.

Аибашьра аҭоурыхҭҵааҩцәа хархәара рырҭоит акьыҧхь ианылаз аматериалқәеи, аибашьра авидео архиви. Адунеи зегьы аҟны ари аҧышәа ахархәара ду амоуп. Ишдыру еиҧш, абџьар мацарала акәымкәа,  аинформациатәи аидеиалогиатәи еибашьраҿгьы аиааира агара аҵак ду амоуп. Ажәлар ргәы акамыжьра, аибашьцәа рфырхаҵара аарҧшра, адунеитә уаажәларра аиаша дырдырра, ари зегьы иҭакҧхықәроуп ажурналист.

Аибашьра архив зыбзоурала иҳамоу ауаа иреиоу изыскыр сҭахуп иахьатәи сажәабжь. «Уаниашьа ухаҵашьоуп» рҳәоит аҧсуаа, уаанӡа аибашьра амца иалганы аматериалқәа раагараҿы аҧышәа змамыз ҳжурналистцәа, ианаҭахха  арратә корреспондентцәаны иаақәгылеит.

 Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист, Ахьӡ-аҧша аорден ахҧатәи аҩаӡареи, Агәымшәараз амедали занашьоу, арратә корреспондент, ҳаамҭазы Аҧсуа телехәаҧшра аредактор Даур Инаҧшьба дыззымдыруа мамзаргьы иӡбахә змаҳац  дыҟоуп ҳәа сыҟам.  Ауаҩ тата, аҩыза иаша, ажәаҧхала еснагь адгылара узҭо, зегьы рацәажәашьа ргәыҟаҵашьа иақәшәо Даур, аколлектив рыбжьара апату ду иқәуп. Еиҵагылаз ажурналистцәа рабиҧара ҿагьы ирдыруеит  иааҧсарақәа ртәы, иџьабаа ҳаҭырла иазнеиуеит. Аҧсуа телехәаҧшра архив аҟны иҟоу аматериалқәа равторцәа рацәаҩуп. Ҳәарада, Даур имацара иакәӡамызт афронт аҟынтәи аматериал аазгоз. Урҭгьы рыӡбахәқәа сырзааҭгылараны сыҟоуп, аха иахьа далыскаауеит иара.

-Даур, аибашьра ҟалаанӡагьы ихынҭаҩынҭаран, аиҿагыларақәа изныкымкәан иҟалахьан. Аӡәырҩы ирҳәоит агәраганы ишыҟаз еибашьрада еилгашьа шыҟам. Хаҭала уара ушҧазнеиуаз аибашьра аҧхьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа. Избан акәзар, усҟан ателерадиоеилахәыраҿы аусура уалагахьан, аинформациа иаша уман.

-Аибашьра ҟалоит мамзаргьы абасеиҧш аҽнышьыбжьон, лаҳәарада иҳақәлоит ҳәа агәрагара даара иуадаҩын. Аха зегьы акоуп, зынӡа ҟалашьаҵәҟьа амам ҳәагьы ахаҳҳәааӡомызт. Аҧсныжәлар рычҳара хыжжыланы иҟан, аҕацәагьы ирдыруан уи атәы. Аибашьра ианалагаз аҽны, нанҳәамза жәиҧшь рзы, ателехәаҧшра аусзуҩцәа зегьы аусураҿы ҳаҟан, доусы ҳнапынҵақәа наҳагӡон. Аибашьра шалагаз иаразнак иаҳдырит, избанзар усҟан ателехәаҧшра аминистрцәа рхан ахыбра ду азааигәара иҟан, уи ашҭаҿы имҩаҧысуаз зегьы ҳбон. Ажәлар иҟарҵара иақәымшәо игачамкны иаанхеит азныказы. Ҳарҭ аиҳабыра рабжьгарақәа ҳарзыҧшын. Мышқәак ҵхьанеиҧш адҵа ҳауит Гәдоуҭаҟа ателехәаҧшра аиагаразы. Избан акәзар, Қеҭовани ир иманы  Аҟәа далалоит ҳәа ажәабжь ааҩит, ателехәаҧшреи арадиои астратегиатә ҟазшьа змаз хыбрақәан, аиҳабыра ргәаанагарала аусзуҩцәа рыҧсҭазаарақәа ашәарҭара иҭагылар алшон. Убри аан иҳәатәуп, аиҳабыра рыдҵала абџьар кны еибашьраҵәҟьа ацара азин шҳарымҭаз, ҳара иҳадырҵеит даҽа хырхарҭак, аинформациатә еибашьра, каламла аиааира. Исҳәарц сҭахуп хҭыск атәы. Усҟан арадио редакторс иамаз Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист Владимир Ҳашба аиҳабыра рҟынтә аӡәы днаиҧхьан иаиҳәеит, Қеҭовани Аҟәа данааилак игәы ишҭо арадио аҳауа ацәқәырҧа ахархәарала Аҧсуа жәлар рахь рыбџьар шьҭарҵарц азы ааҧхьара аҟаҵара. Владимир Ҳашба адҵа ииҭеит Қеҭовани иҭаҩреи, анаҩс уи ақәгылара ашьҭреи рзы. Владимир Саҭбеи-иҧа иакәзар, арадиохьы даныгьежь, абжьы анҵаразы  астудиақәа зегьы цаҧхала рышәқәа наркны, ацаҧха иџьыба инҭаҵаны Гәдоуҭаҟа атехника ииазгоз дрыццеит. Уи ахҭыс атәы здыруа маҷҩуп, аха абри аҩыза абас илшоз ала аҿагылара ҟаиҵеит усҟан ажурналист Владимир Аҳашба.

-Даур, уа шәахьнеиз атехника иабашьақәшәыргылеи, насгьы уи аус арура ауадаҩрақәа маҷымкәан иацзар акәхарын.

-Раҧхьа ҳара атехника ҩнаҳаргылеит Лыхны ақыҭа ахадара ахыбра.Уаантәи ҳҭыҵыртәеиҧш еиқәдыршәеит ҳтехникцәа.Урҭ рџьабаа атәы ҳәашьа амаӡам. Иҳалшоз ҟаҳҵон иахьынӡауаз ала ирласны ҳахәаҧшцәеи  ҳзыӡырыҩцәеи  аинформациа рызнагаразы. Уи инаҷыданы аинформациатә блокада иаиааитәын, аҳәаанырцәгьы Аҧсны зҭадыргылаз агәаҟра атәы еиҭаҳәатәын. Даур Қәарсаиа, Даур Киут, Леонид Агрба, Анзор Кәарҷелиа, ателехәаҧшра аредактор хада Руслан Ҳашыг, Урыстәыла аҩызцәа ажурналистцәа рыман, урҭ рыцхыраарала  аинформациа иаша Аҧсны анҭыҵ иаладырҵәон.

-Даур, аибашьра алагамҭазы абџьар маҷын, аџьыҧҳаны рызхомызт аибашьцәа, хыҧхьаӡаралагьы ҳаиҵан аҕацәа раасҭа. Иҟалалозма ус еиҧш, аҭабиақәа рҿы ианышәҵоз аибашьцәа агәкаҳара анаадырҧшуаз, мамзаргьы иҟаз акәымкәа еиҳа ииашоуп ҳәа ишәыҧхьаӡоз анышәышьҭуаз?

-Аибашьцәа ахаан агәкаҳара аадырҧшӡомызт. Уи моу, ҳара арратә корреспондентцәа дара ҳанрыҿцәажәалак анаҩс ҳгәы шьҭыҵуан, мчы ҕәҕәак ҳалалон. Иашаны иазгәабҭеит, ҳәарада аибашьцәа ирзымхоз ыҟан, афатә, ашәҵатәы, абџьар, иара убас иҵегьы аха ҳара зегьы ыҟоушәа ҳҳәон. Исгәалашәоит ибзианы, аинрал Сергеи Дбар ҳаниҿцәажәоз, иара еснагь имӡаӡакәан иҟоу шыҟоу иҳәон, анаҩс аиҿцәажәара анахҳаркәшалак, абри шәнахықәша, ари шәаахықәша ҳәа маҷк иагәылаланы излацәажәатәымыз ҳирбалон.

Ателехәаҧшра ажурналист аматериал ихала иҟаиҵаӡом, уи еснагь дицуп ателеоператор. Иахьагьы урҭ ргәымшәара атәы аҵыхәтәанынӡа иҳәаӡам. Избан акәзар агәымшәараҵәҟьа аадырҧшуан ахы иаҿаланы акадрқәа анҭырхуаз.

-Аибашьра аҟынтәи угәы иҭанымҵәо, убла ихгыло хҭыск ыҟоума?

_Иҟоуп ҳәарада, урҭ рацәоуп. Уашьцылоит зегьы, аибашьра, аҧсра, ашьаарҵәыра. Аха, уаҩы ихахьы изаамго агыгшәыгра –Лаҭатәи атрагедиа, аҳәсеи ахәыҷқәеи ачымазцәеи аазгоз авертолиот аҭархара хашҭра аиураны иҟаӡам. Акраамҭа сыла ихгылон, ажәабжь гәыҭшьаага заҳаз рҿыҧшыларақәа, слымҳа иҭыҩуан иҭахаз рҭаацәа рыҳәҳәабжьқәа, икнаҳаз асиақәа…аҧсыбыҩқәа анааргаз. Уи еицәоу хәыцшьа амаӡам.

Еибашьуаз реиҳа ажурналистцәа иҟарҵеит ҳәа акәӡам, аха доусы ҳахьыҟаз ҳаҭахын иҳәоит аветеран.

 Даур игәалашәо ахҭысқәа иреиуоуп, аҭабиақәа рҭаараан ирбоз асахьа-бџьарк хҩы ҧшьҩы ианеицырзеиҧшыз. Аха убри аан дара убас рхы мҩаҧыргон, зегь раасҭа ишәарҭоу абџьарқәа жәаба-жәаба рымоушәа. Ари џьашьатәын. Асеиҧш игәышьҭыхгаз афырхаҵара агәра унаргон Аиааира аҧсуаа ишырго азы.

 Даур Инаҧшьба иҳәоит иахьа иҟоу аибашьра архив ҭызхыз аоператорцәа шмаҷҩым, аха даараӡа рџьабаа шырацәоу зыҧсҭазаара иалҵхьоу Ҭемыр Қәычбериа, Анзор Кәарҷелиа, Анатоли Шьониа, Асҭамыр Саӡба. Аветеран иажәақәа рыла  аибашьра анеилга анаҩсгьы аидеиологиатә еибашьра шцоз. Иҧыххааз аҳәынҭқарра амаҵ утәын, ауаа ргәы шьҭыхтәын, иҭахаз рҭаацәа ажәа ҧхақәа рызктәын, уи зегьы аҟаҵара ус имариамызт. Бжеиҳан шьапыла ицон, ианрықәҿиоз ирықәшәаз амашьынала мҩабжара инаргон, абас мацара аибашьра ашьҭахьгьы акыршықәса аус руан зуалҧшьа назыгӡоз ажурналистцәа. Аулафахәу абаҟахыз, уи ацымхәра чахык рауан. Иҟалалон уи аҩызагьы, аҭаацәарақәа ирыламыз аҷкәынцәа, ахшара змаз рҩызцәа рча-улафахәу анрырҭозгьы.

  Даур иҳәоит, иахьа ишҳамоу зегьы ирыцку, абиҧарала аҧсуаа ззықәҧоз ахақәиҭреи ахьҧшымреи. Ишеиҵагылаз аҿар бзиа. Аибашьра амца иалҵыз Аҧсны аизҳа-зыҕара амҩа иануп. Агәра згоит ишыҟало аҿиара, даҽакалагьы ҟалашьа амаӡам, ҭынч ҳанхарц азы, ҳбызшәала ҳцәажәарц азы  аибашьцәа хеигӡарада иқәҧон. Агәра згоит Аҧсны иаҵагылаз аҿар уи шеилыркаауа, пату шақәырҵо ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәара аихшьаала ҟаҵо абаҩхатәра злоу ажурналист Даур Инаҧшьба.


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me