Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Акәылӡхылԥа деиқәнархеит

Еимгеимцарак иалагӡаны ицеит арҭ ашықәсқәа. 30 шықәса раԥхьа ҳадгьыл рыхьчон, рхы ақәырҵон ҳҵеицәа. Шаҟа ҭоурых ыҟоузеи  ҳаибашьцәа ирызку? Ихадоуп даараӡа акраҵанакуеит урҭ ргәалашәара, иҳалагылоу аветеранцәа рыҿцәажәара, рнысымҩа азааҭгылара аҭоурых азныжьра.

Омар Ианкәа-иԥа Аҳашба диит  абҵарамза 19  1964 ш. азы Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан. Омар Аҳашба иан Хәыта (Наҭела) Бигәааи иаб – Ианкәа Аҳашбеи рыҩнаҭаҿы аҳәоуеиқәшәара ыҟан. Аҭаацәараҿы хҩык ахшара ирызҳауан. Хҩык аҭыԥҳацәеи рашьа заҵә Омари. Данхәыҷыз  инаркны Омар иҭаацәа дрыцхраауан еснагь иаб дивагылан. Аҵара даналга дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет. Актәи акурс аҟны дыштәаз аҭаац́әара далалоит, Омар зыԥсадгьыл ахьчаразы зхы иамеигӡоз аибашьцәа дрывагылан.  Аха рыцҳарас иҟалаз аибашьраан  зыхшара рхабар ззымдыруаз Омар иаб Ианкәа, нанҳәа 15 рзы иԥсҭазаара далҵуеит. Шаҟа ицәгьоузеи аԥсҭазаара аҵакы аилкаара. Акрачҳауеит ауаҩы игәы.

Омар Ԥақәашь еиҿкааз абаталион «Сасрыҟәа» далан, агәыԥ аԥыза дихаҭыԥуаҩын. Ажәыларақәеи аԥшыхәрақәеи  дрылахәын. Аибашьра анеилгагьы акыршықәса иахьа атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс иҟоу аинрал-маиор Беслан Ҵәыџьба  напхгара ззиуаз Агуӡера аҳаблаҿы игылаз аҳауахьчаратә архәҭа аҟны аррамаҵура ихигон, уахь инеиуаз аҿар иԥышәа рымеидон. Аԥсадгьыл ахьчараан Омар иааирԥшыз агәымшәаразы ианашьоуп  амедалқәеи аорденқәеи. Анаҩс Гал – мрагы-ларатәи аҳәаахьчараҿы арра ԥшыхәра еиҳабыс дыҟан.

Иаҳәшьцә́а ракәзар, аҭаацәара ишалалахьазгьы Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирывагыланы иахьрылшоз ацхыраара рырҭон. Аиҳабы Леила медиаҳәшьас дыҟан. 

Агәҭахәыцрақәа нҵәашьа рымам. Аԥсҭазаараҿы  ауаҩы зегьы дрышьцылозар акәхап. Омар, егьырҭ аибашьцәа реиԥш, иахьа ицәыуадаҩуп амш хьанҭақәа рҭоурых алацәажәара. Аибашьраантәи ахҭысқәа зегь раасҭа игәалашәараҿы инхаз ахҭысқәа иреиуоуп: «Аҽны Џьгьарда, ашьыжь, асааҭ 4 рзы ҳаизыргеит. Кәтолнтәи Лабра ҳхалеит. Ахалара ҳшаҿыз иҳаихсуа иалагеит. Хә-сааҭк инарзынаԥшуа аиҿахысрақәа цон. Ҳаԥсы неиҭаҳкырц ҳахьтәаз, амла ҳанакы, ҩнык аҿы ҳнеит. Ҳалаԥш зықәшәаз аишәаҿы иқәгылаз ачеи ашәи роуп. 8 мзы иҳамбацыз ача агьама ҳхашҭхьан. Амла ҳахьакуаз  ааигәа ача агьама ахьаҳамбацыз аҟнытә, иџьашьахәыз акы аиԥш  иаабон. Уи ҳҩыза ҷкәын Зурик Қапба уаҵәы сымш иира аҽны ма чак ҳфап ҳәа алаф алхны иаақәихыз ача иҳацыз амаедеҳәшьа лшәыра иҭалҵарц илиҭеит. Ҳаԥсы ааиҭакны ажәыларахь ҳдәықәлеит. Уи аамҭазы танкла иҳаихсуа иалагеит.  Сара сахьтәаз иамариашаны игылаз ашьаҟа иаахеит ахыршә. Ԥхьаҟа маҷ-маҷ  ҳахьынаскьоз аибашьра зегьы исхасымҵацыз, икажьны избаз акәылӡхылԥа нышьҭыхны исхасҵеит. Ус, ашьаҟа иақәшәаз аԥҽыха схылԥа  иаахан сахьчеит. Егьи аԥҽыха иааиуаз Зурик Қапба иаахеит, уи ахәра иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит. Издыруадаз ақырҭуа  кәылӡхылԥа сыԥсы еиқәнархоит ҳәа…

Аҽны 17-ҩык ҳаибашьцәа ҳацәҭахеит.  60-ҩык инарзынаԥшуа ахәра роуит. Омар иахьа ԥшьҩык ахшара драбуп, хәҩык амаҭацәа драбдууп. Аԥсадгьыл афырхацәа рҿырԥшала  иааӡатәуп, еиҵагыло абиԥарақәа. Рҿаԥхьа схырхәоит зыԥсадгьыл ахьчараан зхы иамеигӡоз аибашьцәа зегьы!


Милана Гәынба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me