Аишьцәа рлахьынҵа

30 Цәыббра 2022 04:28
Аҟәа, Аҳабла ҿыцаҿ инхоз Рауф Џьопуа иман ҩыџьа арҧарцәа. Зыбжа ааӡара аныда иааӡаз, иамуит ахлымӡаах аамҭа – аибашьра иналамгылар. Аишьцәа Даури Џьамбули ринтересқәа хаз-хазын. Аха аибашьра зегьы еиҟаразтәуа ҳанналагыла, аҩыџьагьы еибашьҩцәаны иаагылеит.
413 мшы амацәаз иҭакыз Тҟәарчал инханы иҟаз ирхыргази, Аиааира ду гәыҕырҭас ишрымази атәы, иагьа аамҭа царгьы ҳгәалашәараҿы иҟазаауеит. Мышк ахы-аҵыхәа гәкажьра ҳамамызт. Амлакра, ахьҭакра, иреиҕьу ҳҵеицәа рҭахара, анацәа руаз, иарбану иаҳхаамгаз. Зегь реиҳа иуадаҩын аинформациа аҟамзаара. Ателербагақәа аус руамызт афымцалашара аҟамзаара иахҟьаны. Амашьына аккумулиаторқәа ҳхы иархәаны, Аҧсуа радио Гәдоуҭантәи аҭыҵра ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыҧшын. Нас уаҟа иҳаҳаз ажәабжь, агәыла-азла ирылаҳарҵәон.
Жәынгьы-ҿангьы аҧсуааи ақырҭцәеи реизыҟазаашьа еибарххан, аҭоурых иаздыруам урҭ рнапы еикәырша, ҟыҟ-ҿыҟ рыбжьамкәа, еизыразны ианыҟаз. Даҽа усуп хыбрак - Асовет Еидгыла анапаҵаҟа ианыҟаз. Убасҟангьы маӡа-аргама, аицынхара, аиҩызара, аешьара ҳәа апартиатә система алозунгқәа шьҭыхны, Аҧсны хыҧхьаӡарала ампыҵахалара иаҿын. Аҧсуаа уи еснагь иаҿагылон, есжәашықәса имҩаҧысуан ақәгыларақәа. Асовет Еидгыла хыбгалеит, зегьы хазы-хазы еихеит. Шеварднаӡе дызхагылаз Қырҭтәылагьы ашә-гәашәқәа ҟьаҟьаӡа иаатит аханатә аахыс ргәы иҭаз –…

Сан, бысцәымшәан

30 Цәыббра 2022 04:25
Ашҭа ҧшӡеи аҭаацәа гәырҕьахәи ахьҭанхо анаҧшҩы илаҧш ацәиӡартә иҟоуп. Амаҭацәа, уи аҭаацәара ирылатәаз, избаз ихы шьҭыхны дцәажәоит. Тәанба Андреи "Агәымшәаразы" амедал ианашьоуп. Иара Мыта ҳәа ауп дшырдыруа. Иҧа Ҭемыр Тәанбагьы аибашьраан 19 ш. ракәын ихыҵуаз. Уи Витали Дармаа напхгара зиҭоз агәыҧ далан. Мыта иашьеиҵбы Рудик Уасил-иҧа Тәанба Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы даҧсахеит.
Аиааирахь амҩа даараӡа иуадаҩын, аҧсҭбара дуқәа ацын, аха ҳҵеи ду, амилаҭ-хақәиҭратә қәҧара аҧхьагыла, ҳаамҭазтәи Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьҭаркҩы, Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәҭакы анагӡараҿы, ахақәиҭра аагараҿы хьаҵра аазмырҧшуаз, Ҳаҧсадгьыл аҧышәара дуӡӡақәа ирылигеит. Злахьынҵа инапы ианызҵаз ижәлар днарылагыланы, аибашьраҿы Аиааира диргеит, иара убриалагьы ахьыҧшымра алиршеит. Иахьа уажәраанӡа, ишырҳәо аиҧш, Анцәа иџьшьаны, ҳажәлар адунеи аӡеибафара иаламӡыкәан, еибга-изҩыда иаауеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me