Аҟәатәи ахатәы школ «Алашара» аҟны имҩаҧыргеит есышықәсатәи «Ақьиара аџьармыкьа». Ашкол ахыбра ашҭаҿы идыргылеит астолқәа, урҭ иаҵәарала, еиуеиҧшым ахәмаргақәа рыла идырҧшӡеит.

Аимадарақәа рылҵшәа

25 Абҵара 2022 09:35
Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб диҧылеит аҵара аминистр Инал Габлиа. Уи аҳасабрба ҟаиҵеит ҳаамҭазтәи иусуразы убрахь иналаҵаны Урыстәылатәи иҩызцәа рҟны аимадарақәа рылҵшәақәагьы, – иаанацҳауеит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара асаит. Аминистр иажәақәа рыла, аусҳәарҭабжьаратә усеицура инақәыршәаны аҳәынҭқаррахь иааит аиҳабыратә классқәа рзы арҵага шәҟәы ҿыцқәа 40 нызқь раҟара. Ҳазну аамҭазы аҵара Аминистрра урҭ ашколқәа ирзыршоит.
Ааигәа Аҟәа, «Москва Аҩны» аҟны имҩаҧысит Урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәеи аҭыжьҩцәеи рхаҭарнакцәа рҧылара. Аиҧылара иалахәын аҧсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, алитература абзиабаҩцәа. Иҽалаирхәит иара убас Россотрудничество Аҧснытә ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.
Шамиль Ԥлиа диижьҭеи 90 ш. аҵра иазкны Арҿиареи ауаажәларратә усуреи еилазыгӡоз апоет, апрозаик, Аҧсуа телехәаҧшра (Ателехәаҧшреи арадиодырраҭареи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә комитет) раҧхьатәи ахантәаҩы Шамиль Хәсеин-иҧа Ҧлиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра инамаданы, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла аҧшьгарала, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны еиҿкаан игәаларшәара ахәылҧаз.
Ноиабр 15 рзы Ауаажәларратә палатаҿы имҩаҧысыз азыӡырҩра азкын «Иахьатәи ҳаамҭазы Аҧсны ҭыҧс иааныркыло ауаажәларратә еиҿкаарақәа».

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me