Март 23 рзы Аҟәа иазгәаҭан Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра. Ари аҽны Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуҩцәеи, иара убас Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа уҳәа рҟнытә иааз асасцәеи ақалақь ауаажәларреи еицны Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада имемориали Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарки рҟны, насгьы Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы игылоу Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рбаҟаҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.