Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

АПОЕЗИА АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АМШ

Март 21 – апоезиа Адунеизегьтәи амш атәылақәа жәпакы иазгәарҭоижьҭеи акыр ҵуеит. Аԥсны акәзар, уи 2011 ш. раахыс ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала есышықәса иазгәарҭоит.
Сынтәа, ишдыру еиԥш, аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра ианамаданы, Аԥсны Ахада идҵала 2024 ш. Дырмит Гәлиа ишықәсны ирылаҳәоуп. Ҳтәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҟны аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркаауеит, лымкаала ашколқәа рҟны жәлар рпоет изку ахәылԥазқәа мҩаԥыргоит. Абарҭқәа ҳасаб рзуны, сынтәа апоезиа аныҳәа амҩаԥгара азыӡбан Дырмит Гәлиа дахьииз Уарча ақыҭан.
Ишдыру еиԥш, атәылақәа есышықәсатәи ныҳәаны иазгәарҭо апоезиа Адунеизегьтәи амш аԥҵан ИуНЕСКО аконференциа хада 30-тәи асессиа иаднакылаз арезолиуциа инақәыршәаны. Хықәкысгьы иамаз амилаҭтәи, арегионтәи, жәларбжьаратәи апоезиатә хеидкылақәа разхаҵареи русураҿы рыцхраареи акәын.
2011 ш. раахыс Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа иазгәарҭо апоезиа аныҳәа иалагӡаны еиуеиԥшым аиԥыларақәа еиҿыркаауеит ҳтәыла аҵаратәи акультуратәи усҳәарҭақәа рҟны. Гәылрыԥшь араион Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Уарчатәи абжьаратәи ашкол аҟны апоезиа аныҳәа амҩаԥгара иахаҵгылеит араион анапхгара, аҵара аҟәша аусзуҩцәа, гәахәарала иадгылеит ашкол арҵаҩцәа.
Апоезиа амш азгәаҭаразы ақыҭахь инеит, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа реиԥш, Гәылрыԥшь араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Шьазина Емсых дназлаз аусзуҩцәа, аусмҩаԥгатә иалахәын иара убас аҵара-ааӡа­ра аус знапы алаку арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа.
Уарчатәи абжьаратәи ашкол ахь имҩахыҵаанӡа саси-ԥшәымеи рҽеибаркны иаҭааит ақыҭан игылоу Дырмит Гәлиа ибаҟа, араҟа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, жәлар рпоет дыргәаладыршәеит.
Апоезиа аныҳәа сынтәа еиҳагьы азҿлымҳара аман, избан акәзар уи мҩаԥысуан ҳлитература ауасхыр азышьҭаҵаҩ дахьииз ақыҭан.
Уарчатәи ашкол аҟны аиԥылара аартуа еизаз бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит аԥсуа литература арҵаҩы Мактина Шьынқәба. Амҩаԥгараҿы уи илыцхраауан ашкол аҵаҩцәа: Олесиа Амқәаб, Сандра Какәбаа.
Аиқәшәараҿы иқәгылаз Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иҳәеит: «Апоезиа аныҳәа хықәкыс иамоуп ҳаамҭазтәи ауаажәларра аҿиараҿы, акультуратә ԥсҭазаараҿы, адунеи апоетцәа реигәныҩреи аусеицура рыбжьаҵареи рҟны алитература иааннакыло ароль ацәыргареи аӡыргареи. Ҳарҿиаратә хеидкыла аусура ахырхарҭа хадақәа ируакуп астудентцәеи, ашколхәыҷқәеи, алитература абзиабаҩцәеи рԥыларақәа реиҿкаара, урҭ алархәны еиуеиԥшым алитературатә хәылԥазқәа, асеминарқәа, ашәҟәыҩҩцәа риубилеиқәа, астол гьежьқәа уҳәа рымҩаԥгара. Ари зегьы ҵакыс иамоу еиҵагыло абиԥарақәа алитературеи ашәҟәы аԥхьареи рыбзиабара рылааӡара ауп, уи рмилаҭтә хдырра шьҭнахуеит. Сынтәа, абжьааԥны еиԥшымкәа, апоезиа аныҳәа мҩаԥысуеит ҳажәлар рдоуҳатә ԥыза Дырмит Гәлиа дахьииз, раԥхьатәи ишьаҿақәа ахьеихигаз ақыҭаҿ. Уи ала еиҳагьы аҵакы дуны ҳахәаԥшуеит. Аныҳәа иалахәу зегьы ишәыдаҳныҳәалоит». Иара убас иазгәеиҭеит, алитература аԥҵареи арҿиареи рус аҟны мацара акәымкәа, Дырмит Гәлиа ҳажәлар рдоуҳатә культураҿы иналукааша аҭыԥ шааникыло, уи ихьӡ ҿырԥшыганы ишыҟазаауа.
Апоезиа аныҳәа рыдырныҳәалеит Гәылрыԥшь араион Ахадара аҵара аҟәша аусзуҩы Хьудар Ханагәуа, ашәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба, Уарчатәи абжьаратәи ашкол аиҳабы Омар Кархалаа.
Дырмит Гәлиа иҩымҭақәеи рхатәы жәеинраалақәеи ирыԥхьеит апоетцәа: Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Заира Ҭҳаиҵыкә. Лхатәы жәеинраала даԥхьеит иара убас арҵаҩы Валина Быҭәԥҳа.
Ашколхәыҷқәа Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәа реиԥш, даараӡа исахьаркны ирыԥхьон аиқәшәарахь инеиз апоетцәа ражәеинраалақәагьы.
Аныҳәа иалахәыз гәахәарала ирыдыркылеит иара убас аҵаҩцәа рымчала Д. Гәлиа иажәабжь кьаҿқәа ирылхны иқәыргылаз аинсценировкақәа.
Аныҳәа хыркәшан ашколхәыҷқәа инарыгӡаз аԥсуа кәашарақәа рыла.
В. Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me